Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа рфорум аҟынтә алкаақәа: алахәыла лцәажәара
18:04 28.10.2026 (ирҿыцуп: 18:21 28.10.2026)
Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа рфорум аҟынтә алкаақәа: алахәыла лцәажәара
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә институт аҟны имҩапысуаз аҵарауаа ҿарацәа III рфорум хыркәшоуп. Уи иалахәын аҭҵаарадырраҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵахьоу аҵарауаа — аҭоурыхҭҵааҩцәа, абиологцәа, амедикцәа, афизикцәа, аекологцәа, азиндырыҩцәа. ААР ахылаԥшрала имҩаԥысуаз афорум аҿы агуманитартә, афизика-математикатә, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рзы асекциатә еилатәарақәа, еиуеиԥшым атемақәа ирызку ажәахәқәа мҩаԥган. Аҵарауаҩ ҿа Есма Пачлиаԥҳа иаҳа инарҭбааны далацәажәеит афорум амҩаԥгашьа, алахәцәа ирнаҭаз атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.