https://sputnik-abkhazia.info/20261029/1066650934.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Арратә операциа ҷыда аветеран, Аԥсны инхо Фамил Садыгов Агәымшәара аорден ианашьахеит.Ацеремониа мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав... 29.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-29T18:01+0300
2026-10-29T18:01+0300
2026-10-29T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1d/1066650768_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2891213fa8cc61ccbdda484e7a86c6c3.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Арратә операциа ҷыда аветеран, Аԥсны инхо Фамил Садыгов Агәымшәара аорден ианашьахеит.Ацеремониа мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иазгәеиҭеит Урыстәыла ареспублика ажәлар ҭабуп ҳәа шрарҳәо аибашьра адәаҿы иаадырԥшуа хәы змаӡам ацхыраареи афырхаҵареи рзы. "Ҳара зегьы иахьа ҳаҭыр ду ҳақәҵан — Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳамҭа — Агәымшәара аорден — хаҵаҵас ахачҳара дуи, афырхаҵареи, апрофессионализми аарԥшны анацизм иаҿагыланы, Урыстәыла ду ахьӡ-аԥша азы иқәԥоз, абиԥарақәа рԥеиԥш зыхьчоз ауаҩы иахьиаҳҭо", — иҳәеит иара. Агәымшәара аорден анашьара — ари хаҭалатәи ахачҳареи арратә уалԥшьа азиашареи разхаҵара ҳарак ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба.
Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакра агранттә школ афиналтә мшы мҩаԥысит Аҟәа. Алахәылацәа иахысит асоциалтә проектҟаҵареи аҿар раԥшьгарақәа агранттә цхыраара рыҭашьеи рзы аҵаратә программа. Уи азырхоуп ауаажәларратә ҵакы змоу аԥшьгарақәа рыдгылареи агранттә ԥаразоужьра адыԥхьаларазы амаругақәа рдырреи. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит жьҭаара 27 рзы, Гагра акультура аҩнаҿы. Аҩбатәи аетап мҩаԥысит Аҟәа. Аусдырцәа асоциалтә проект аус адулара аетап хадақәа ирылацәажәеит, апрактикатә усура мҩаԥыргеит: азыҳәақәа реиқәыршәараан лассы-лассы иҟало агхақәа еилдыргеит, апроектқәа рыхәшьара ашәага-загақәа алахәылацәа иддырдырит, рхатәы аԥшьгарақәа рыдгаларазы абжьгарақәа ҟарҵеит.
Аԥсни Омсктәи аобласти рыбжьара аусеицура аҿиара иалацәажәеит ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуааи аобласт агубернатори ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара. Вараздат Миносиани Маиа Цыбулевскаиеи Витали Хоценкои реиԥылараҿгьы асоциалтә наплакра азҵаарақәа ирыхәаԥшуан. Аиԥылара мҩаԥысит Омск, асоциалтә наплакыҩцәеи аинвесторцәеи XV жәларбжьаратәи рфорум "ИННОСИБ-2026" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аԥсны ахаҭарнакцәа инеиԥынкыланы хышықәса ҵуеит афорум иалахәуижьҭеи.
Аԥсны имҩаԥысуа афорум "Росатом" даара акраҵанакуеит, уи аԥышәа аимдаразы иаҭахуп иҳәеит Курчатов ақалақь ахада Игор Корпунков. "Ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аспорттә ҭыԥқәа ҳнарылс-аарылсны зегьы аус шеицыруа атәы аабеит. Уигьы ҳара, урыстәылатәи ахадацәа ҳзы — иԥышәоуп, избанзар Аԥсны аҿиара ишаҿу ҳахәаԥшуеит, шәыԥсабара ҟаимаҭ аабоит, ҳәарада, ҳара ҳҿы иалоугалаша ҳәа иҟоу. зегьы иреиӷьу шьҭаҳкаауеит",— азгәеиҭеит иара. Корпунков иажәақәа рыла, ақалақьқәа Курчатови Пицундеи аус еицыруеит 2019 шықәса раахыс.
Арратә операциа ҷыда аветеран, Аԥсны инхо Фамил Садыгов Агәымшәара аорден ианашьахеит.Ацеремониа мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иазгәеиҭеит Урыстәыла ареспублика ажәлар ҭабуп ҳәа шрарҳәо аибашьра адәаҿы иаадырԥшуа хәы змаӡам ацхыраареи афырхаҵареи рзы. "Ҳара зегьы иахьа ҳаҭыр ду ҳақәҵан — Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳамҭа — Агәымшәара аорден — хаҵаҵас ахачҳара дуи, афырхаҵареи, апрофессионализми аарԥшны анацизм иаҿагыланы, Урыстәыла ду ахьӡ-аԥша азы иқәԥоз, абиԥарақәа рԥеиԥш зыхьчоз ауаҩы иахьиаҳҭо", — иҳәеит иара. Агәымшәара аорден анашьара — ари хаҭалатәи ахачҳареи арратә уалԥшьа азиашареи разхаҵара ҳарак ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба. Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакра агранттә школ афиналтә мшы мҩаԥысит Аҟәа. Алахәылацәа иахысит асоциалтә проектҟаҵареи аҿар раԥшьгарақәа агранттә цхыраара рыҭашьеи рзы аҵаратә программа. Уи азырхоуп ауаажәларратә ҵакы змоу аԥшьгарақәа рыдгылареи агранттә ԥаразоужьра адыԥхьаларазы амаругақәа рдырреи. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит жьҭаара 27 рзы, Гагра акультура аҩнаҿы. Аҩбатәи аетап мҩаԥысит Аҟәа. Аусдырцәа асоциалтә проект аус адулара аетап хадақәа ирылацәажәеит, апрактикатә усура мҩаԥыргеит: азыҳәақәа реиқәыршәараан лассы-лассы иҟало агхақәа еилдыргеит, апроектқәа рыхәшьара ашәага-загақәа алахәылацәа иддырдырит, рхатәы аԥшьгарақәа рыдгаларазы абжьгарақәа ҟарҵеит. Аԥсни Омсктәи аобласти рыбжьара аусеицура аҿиара иалацәажәеит ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуааи аобласт агубернатори ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара. Вараздат Миносиани Маиа Цыбулевскаиеи Витали Хоценкои реиԥылараҿгьы асоциалтә наплакра азҵаарақәа ирыхәаԥшуан. Аиԥылара мҩаԥысит Омск, асоциалтә наплакыҩцәеи аинвесторцәеи XV жәларбжьаратәи рфорум "ИННОСИБ-2026" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аԥсны ахаҭарнакцәа инеиԥынкыланы хышықәса ҵуеит афорум иалахәуижьҭеи. Аԥсны имҩаԥысуа афорум "Росатом" даара акраҵанакуеит, уи аԥышәа аимдаразы иаҭахуп иҳәеит Курчатов ақалақь ахада Игор Корпунков. "Ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аспорттә ҭыԥқәа ҳнарылс-аарылсны зегьы аус шеицыруа атәы аабеит. Уигьы ҳара, урыстәылатәи ахадацәа ҳзы — иԥышәоуп, избанзар Аԥсны аҿиара ишаҿу ҳахәаԥшуеит, шәыԥсабара ҟаимаҭ аабоит, ҳәарада, ҳара ҳҿы иалоугалаша ҳәа иҟоу. зегьы иреиӷьу шьҭаҳкаауеит",— азгәеиҭеит иара. Корпунков иажәақәа рыла, ақалақьқәа Курчатови Пицундеи аус еицыруеит 2019 шықәса раахыс.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1d/1066650768_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_d8f8f33abc6d2876dc2cb8bc9502a885.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио