Аетнопарк "Аԥсны" аҿы ахыц ала ахысрақәа мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСоревнования по стрельбе из лука, которые проходили в рамках XV спартакиады среди школьников
Соревнования по стрельбе из лука, которые проходили в рамках XV спартакиады среди школьников - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2021
Анапаҵаҩра
Аетнопарк "Аԥсны" ахадара ааԥхьара ҟарҵоит ахыц ала ахысразы атурнир аҽалархәразы.
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аетнопарк "Аԥсны" аҟны ахыц ала ахысразы атурнир мҩаԥгахоит цәыббра 29 азы ҳәа аанацҳауеит аетнопарк "Аԥсны" ахадара Facebook аҿы.
Аицлабрақәа ирылагоит асааҭ 12:00 рзы. Ауснагӡатә иалахәуп аклуб "Афырхы".
Аофициалтә хәҭа ашьҭахь ахыц ала ахысра зҭаху амҩақәҵаҩ ицхыраарала рыҽԥыршәар рылшоит.
Ҩымш раԥхьа ара ихыркәшан ажьиҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль.
Амилаҭтә ҭоурыхтә парк "Аԥсны" аадыртит Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан ԥхынгәымзазы.
Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0