https://sputnik-abkhazia.info/20210929/1033310078.html
Ахыц, ахәымпал, ацәҟьара: ахыцуаа ртурнир аетнопарк "Аԥсны" аҟны
Ахыц, ахәымпал, ацәҟьара: ахыцуаа ртурнир аетнопарк "Аԥсны" аҟны
Sputnik Аҧсны
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ахыцуаа ртурнир хыркәшахеит цәыббра 29 рзы. 29.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-29T22:43+0300
2021-09-29T22:43+0300
2021-09-29T22:45+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1d/1033309743_0:234:3072:1972_1920x0_80_0_0_d316604cdf6b1194f6c93fab08fdd616.jpg
Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуан аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.Аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьара" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьара" 30 метра инахараны ақәшәареи.Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1d/1033309743_0:118:3072:2048_1920x0_80_0_0_d590229280920a79a91fbaa21d872c4c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, афотосахьақәа
Ахыц, ахәымпал, ацәҟьара: ахыцуаа ртурнир аетнопарк "Аԥсны" аҟны
22:43 29.09.2021 (ирҿыцуп: 22:45 29.09.2021) Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ахыцуаа ртурнир хыркәшахеит цәыббра 29 рзы.
Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуан аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.
Аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.
Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьара" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьара" 30 метра инахараны ақәшәареи.
Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Аетнопарк "Аԥсны" аҟны ахыцуаа ртурнир мҩаԥысит.

Аиндаҭлара иалахәыз аӡӷабцәа рыбжьара "ахьы" ланашьахеит Илона Кәыҵниаԥҳа, "араӡны" Амра Аџьынџьал, "аџьаз" - Елена Лабахәуа.

Аетнопарк "Аԥсны" аҵакыраҿы иҟоу ахысырҭаҿы имҩаԥысуаз аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.

Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьа" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьа" 30 метра инахараны ақәшәареи.

Ацәҟьара иақәшәаз аӡбаҩцәа абаллқәа ранаршьон.

Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.

Ахыцуаа маругала еиқәшәан.

75 метр аҟынтәи ацәҟьара ақәыршәаразы далкаахеит Вахтанг Ӷәынџьиа.

ахԥатәи аҭыԥ никылеит 17 шықәса зхыҵуа Данил Қәышба.

Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ланашьахеит аҩбатәи Елена Лабахәуа

Ахысраҿы актәи аҭыԥ игеит Баҭал Џьапуа, итрадициатәу ахыци ахәымпали иара заҵәык иакәын изкыз. Арекорд шьақәиргылеит-210 метра

Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥган Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.

Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ианашьахеит "Афырхы" анапхгаҩы" Адгәыр Какоба.