Аҟәатәи ажәабатәи ашкол мчыбжьык акарантин ахь ирышьҭит

© Sputnik Томас Тхайцук10 школа.
10 школа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәахьан аҭагылазаашьа иаҿырԥшны хаз иго аклассқәа, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа аркхар шалшо.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аҟәатәи абжьаратә школ №10 мчыбжьык иаркхоит ҳәа лҳәеит Аҟәа ахадара аҵараз Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Сдача донорской  плазмы с антителами к COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Белиаева: COVID-19 аштамм "дельта" ашьҭкаараан аинкубациатә аамҭа аҽаркьаҿит
"Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара ачымазара алаҵәара иахьалагаз инадҳәаланы, аепидемиологиатә цәаҳәа аиԥҟьаразы Н. Лакоба ихьӡ зху абжьаратә школ №10 цәыббра 29 инаркны жьҭаара 5 рҟынӡа иаркхоит", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Асанитар-епидемиологиатә маҵзура ашколқәа рҿы COVID-19 аҟазаара ангәарҭоз иаарԥшхеит ари ашкол аҿы цәыббра 1-28 рыҩныҵҟа акоронавирустә инфекциа шрыхьыз быжьҩык арҵаҩцәа, 26-ҩык аҵаҩцәа, амедиеҳәшьа.
Цәыббра 25 раахыс еиуеиԥшым аклассқәа хԥа рҿы ԥшьҩык чмазцәахеит.
"Асанитар-епидемиологиатә маҵзура абжьгарала ақалақь ахада иҳардырит абжьаратә школ №10 мчыбжьык ишаҳаркуа. Уажәы аныҳәатә ԥсшьарамшқәа ҟалоит, убри азы иаҳцәыӡуа хымш ракәхоит. Жьҭаара 6 рзы ашкол аусура хацнаркуеит", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Уи аԥхьа Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәахьан аҭагылазаашьа иаҿырԥшны хаз иго аклассқәа, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа аркхар шалшо.
Ажәабжьқәа зегьы
0