Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Афырхацәа рымҩала: аветеран Инаԥшьба аибашьра иадҳәалоу игәҭахәыцрақәа ртәы

© SputnikРуслан Инапшба
Руслан Инапшба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Апсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Руслан Инаԥшьба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьра ахҭысқәа, иҳәеит игәы змырҭынчуа атәы.
Иахьа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит. Цәыббра 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины аԥсуа бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан. Уинахыс Аԥсны Қырҭтәыла амч ахнаҳәеит, ахы иақәиҭхеит, Қырҭтәыла аиурисдикциа азхазымҵо ахатәы напхгара шьақәнаргылеит. Сынтәа 28 шықәса ҵит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анынҵәа амш аахыс.
Афырхацәа рымҩала: аветеран Инаԥшьба аибашьра иадҳәалоу игәҭахәыцрақәа ртәы
"Иахьатәи амш аԥсуаа ҳзы, ҳәарада, имш дууп. Ирыдысныҳәалар сҭахуп Аиааира амш зегьы маншәаланы, ибзианы наҟ-наҟ ҳҟалааит… Ҳәарада, аҳәынҭқарра ду ҳахьчоит ҳәа ҳрықәгәыӷуеит, аха уи аҳәынҭқаррагьы политикала еиларсуп. Уи дааины ишахәҭоу ҳихьчаанӡа, ҳхы ҳахьчартә еиԥш хәыҷык ҳхаԥыцқәа рӷәӷәаны ҳаҟазҭгьы, убасҟан акәын ҳаиааит ҳәа даҽакала ҳгәырӷьо иахьагьы ҳаныҟазаауаз… Есымша аибашьра уазыҟаҵазароуп, даҽа ҳәынҭқаррак ҳахьчоит ҳәа ҳгәы ҳарҭынчцәоит. Аиааира ду уанаԥыло, ишахәҭоу иаҳа ҳаиқәшәазҭгьы иаҳа сгәы ҭынчхон, сыԥсы ҭынчхон, даҽакала сазнеиуан. Зегьы ирыдысныҳәалоит ари амш, зегь рыла ҳаиқәшәаны, ҳаиҿкааны, ҳхыԥхьаӡарала Аԥсны ҳазымкуа Анцәа ҳҟаиҵааит", - иҳәеит аветеран Инаԥшьба.
Аиҿцәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳашба: ҳаззеибашьуаз, аԥсуа ҳәынҭқарра шьақәгыларцаз, ҳажәлар мыӡырц азы акәын
Аибашьҩы Берзениа: аӡә ида ҳаанымхаргьы, ҳаԥсадгьыл ҳара ишаҳтәу инхар акәын
Афырхацәа рымҩала: Гәымбеи Ԥоцхороӷли аибашьратә хҭысқәа ирызкны
Ажәабжьқәа зегьы
0