Иӡны иҟаз "Аҭоуба": РУСДРАМ актиор агәыԥ "Гроза" аибашьцәа рашәа шиԥшааз

CC0 / / Гитара
Гитара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Агәыԥ "Гроза" иалахәыз аԥсуа еибашьцәа аибашьраан ашәа алырхрацы ирҩыз ажәеинраала 28 шықәса иӡны иҟан.
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Осман Абыхәба инаигӡеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан агәыԥ "Гроза" аибашьцәа ирҩыз, аха арҭ ашықәсқәа зегьы иӡны иҟаз ашәа "Аҭоуба".
Уи ашәа зну анҵамҭа цәырыргеит РУСДРАМ Facebook аҿтәи адҟьаҿы.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Ажәа - зегьы иреиҳау бџьаруп: аибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа рҭоурых
"Ҳара ари ашәа анаҳҵеит шықәсыбжак аҟара аԥхьа. Саб игәалашәеит аибашьраан агәыԥ "Гроза" даналаз иҩызцәеи иареи еицырҩыз ари ашәа атәы. Уи аԥшьызгаз иҩыза Витали Ҷыҭанаа иоуп, аибашьраан раԥхьа ажәеинраала рҩит, анаҩс ашәа алырхыр рҭахын, аха иахьымӡеит. Уажәааигәа саб Витали диазҵааит убри ажәеинраала џьаракыр еиқәхамашь ҳәа. Витали дахьашьҭалаз, аибашьраан ишьаз иеиқәа аџьыба ишҭаз ибеит убри ажәеинраала зныз ақьаад, нас инаганы саб ииҭеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Осман Абыхәба.
Олег Абыхәба инапаҿы иоуз ажәеинраала амузыка бзиа избо иԥа Осман ииҭеит, анаҩс уи ианаалаша амузыка аԥҵаны аибашьра иалиааз арҭ ацәаҳәақәа рыԥсы рхеиҵарц.
"Џьамбул Жорданиеи сареи маҷк атекст ак ацҵақәаны амузыка азаԥаҳҵеит, ашәа ҭҳажьит. Уажәы Аиааира Амш аҳаҭыр азы ҿыц ианҵаны аклип ҭаҳхырц ҳаӡбеит", - иҳәеит иара. 
Ҩажәижәаба инарзынаԥшуа шықәса раԥхьа иҩыз аматериал аус адулара сара сзы иџьашьахәын, иагьгәырӷьаран ҳәа азгәеиҭеит РУСДРАМ актиор.
"Абӷьыц хахьан, иџьоушьаратәы иҟоуп ианыз еилукаартә иахьыҟаз. Сара даара сгәы иахәеит саб ҳара инагӡаны иаҳамҩыз уара иузацҵозар гәаҭ, иацҵа ҳәа ансеиҳәа. Саргьы исҭаххеит абри аҩыза аҳамҭа хәыҷы саби уи иҩызцәеи рзы аҟаҵара", - иҳәеит Абыхәба.
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Ажәабжьқәа зегьы
0