Ажәа - зегьы иреиҳау бџьаруп: аибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа рҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукНадписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Анапаҵаҩра
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ажәлар ргәы шьҭызхуаз , аиааира агәра дзыргоз, ацҳақәеи ахаҳәқәеи ирнырҵоз ацәаҳәақәа рҵакы атәы еилылкаауан Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.
Sputnik
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ажәлар изакәызаалак ҳгәы шьҭызхуа ажәабжьс иҳаҳарызеи ҳәа иазԥшны иантәаз, Владислав Григори-иԥа Арӡынба асахьаҭыхыҩцәа ирыдиҵеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны алозунгқәеи апропагандатә ҟазшьа змаз аҩырақәеи ацҳақәа рыҵаҟа, ахаҳәрақәа рыҟны ианҵазарц. Урҭ ажәлар ргәы шьҭызхуаз, аиааира агәра дзыргоз анҵамҭақәа даараӡа акыр рыҵанакуан арыцҳара иҭагылаз аԥсуа жәлар рзыҳәа.
"Владислав Григори-иԥа идҵала асахьаҭыхыҩцәа ҳаизыргеит аштаб аҟны. Апропаганда аганахьала иуӡбаша рацәоуп, ииашоу азнеишьа азыԥшаатәуп ҳәа ҳаиҳәеит. Акомиссиа аиҳабыс сара салырхит. Есымша асахьаҭыхыҩцәа аус руан, аибашьра иазкны аҩырақәа ҟарҵон, аброшиурагьы ҭҳажьит усҟан Нальчик. Асахьаҭыхыҩцәа Витали Лакрба, Иури Ҷкадуа, Митиа Хьиба ацҳақәа, ахаҳәқәа, уҳәа рыҟны аҩырақәа ранҵара нап адыркит", - ҳәа игәалаиршәоит Витали Џьениа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа
Надписи на эстакадах в Гудауте времен ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа
Ажәа - еиҳау бџьарын, уи бзианы еилкааны иман жәлар рԥыза. Агәкаҳара зынӡа иҟаломызт, аибашьцәа ргәы шьҭыхлатәын. Убри акәын аҩырақәа ранҵара ҵакысгьы иамаз. Ианырҵон аԥсышәала, урысшәала, убас ҟабарда бызшәалагьы.
"Валери Хатажуков идызгалеит ҳашьцәа аҟабарадақәа раҳаҭыразы ҟабарда бызшәалагьы аҩыра ҟаҵазарц. Владислав Григори-иԥа анаҩс аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раан, Ҟабарда иқәгыларақәа руак аҟны уи аҩыра дазааҭгыланы дахцәажәеит, иазгәеиҭеит шаҟа аибашьцәа ргәы шьҭнахуаз атәы", - ҳәа иҳәоит асахьаҭыхҩы Витали Џьениа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа
Надписи на эстакадах в Гудауте времен ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа
Ииашаҵәҟьаны, урҭ аҩырақәа рҵакы рацәан уи аамҭа азыҳәаны. Аибашьцәа ргәы шьҭнахуан, усҟан ажәа амч акыр иаԥсан, еиҳау бџьарын. Асахьаҭыхыҩцәа иҭырхуаз аусумҭакәа ҷыдала ахылаԥшра риҭон Владислав Арӡынба.
"Есыуаха аҩырақәа, аҭыхымҭақәа наганы Владислав исырбон, ҽнак бжьаҳажьыр ҟаломызт, убас ҭахԥхықәрала дазнеиуан убри аус", - ҳәа дазааҭгылоит Џьениа.
Усҟантәи ахҭыс иалахәыз, асахьаҭыхҩы, агәымшәаразы амедал занашьоу асахьаҭыхҩы Митиа Хьиба уи атәы игәаларшәо иҳәоит: "Витали Лакрба, Иура Ҷкадуа, Сергеи Габелиа, сара ҳаицны Витали Џьениа иҟны ҳнеит. Иҳаиҳәеит Владислав Арӡынба идҵа. Амашьына ҳзырԥшааит, уи акәхеит, аҩырақәа ранҵара иаразнак напы аҳаркит. Раԥхьаӡатәи ианаҳҵаз ацәаҳәақәа иреиуоуп: "Аиааира ҳара иаҳгоит", "Мы победим", "Дружба, равенство, братство", "Родина или смерть" уҳәа", - игәалаиршәоит Хьиба.
Аҩырақәа ранҵара ус имариамызт, иацын ашәарҭара ду. Аиҿахысрақәа цон, аха асахьаҭыхыҩцәа гәымшәақәа рхы иамеиҷаҳа, аԥсра абла ихыԥшыло, ацҳа иқәланы агәышьҭыхгатә цәаҳәақәа анырҵон.
"Аҩырақәа анҵо Ешыра ацҳанӡа ҳнаӡеит. "Родина или смерть" ҳәа ацәаҳәақәа шанаҳҵоз рбеит, уи акәхеит, аҳаихсра иалагеит. Аха ҳгәахәтәы наҳагӡеит, ианаҳҵеит. Иахьа урҭ ацҳақәа санреиҩсуа, аиаша шәасҳәап, иацы акәушәа ауп ишысгәалашәо", - ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит асахьаҭыхҩы.
Аамҭа цеит, аибашьра нҵәеит, Аиааира ҳгеит, аха аҩырақәа аанхеит. Иахьа уи гәалашәараны, ахаан хашҭра зқәым, ҳаԥсадгьыл зҭагылаз агәаҟреи агәырҩеи ртәы зҳәо ҩыратә баҟаны аҭоурых иазаанхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0