Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент изаамҭанытәим аилатәара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание парламента Абхазии
Здание парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 1, асааҭ 17:00 рзы Аԥсны Жәлар Реизара ахыбра аҿаԥхьа еизахьан изаамҭанытәим аилатәара алагара иазыԥшыз 50-ҩык рҟынӡа ауаа.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik.  Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент изаамҭанытәим аилатәара иалагеит жьҭаара 11 азы, абри атәы аалыцҳауеит Sputnik aкорреспондент.
Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа АИХ-қәа рхаҭарнакцәа аамҭала аилатәара аанрыжьырц аҳәара риҭеит.
Аилатәара ианалага ашьҭахь уахь иҩналеит Апарламент аҿаԥхьа еизаз ауаа рхаҭарнакцәа.
Адепутати ААР аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз аимак иалацәажәараны иҟоуп.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаҩуа ала, Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа тапанчала хәынтә ажәҩанахь дхысит, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭа "Rinna" азааигәара. Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала Кокаиа имч ихы иаирхәит, абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кокаиа аҭыӡшәа ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Кокаиа иқыҭауаа аизара мҩаԥыргеит жьҭаара 1 азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0