Дбар Аҟәа иҟалаз ахысра ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Дбар
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррала, цәыббра 30 рзы Аԥсны Апарламент адепутат Гарри Кокаиа Аҟәа ақьафурҭа "Rinna" аҿаԥхьа аҳауахь инеиқәырццакны дхысит. Уи ашьҭахь адепутатцәеи амилициааи аимак рыбжьалеит.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз ахҳәаа аиҭеит Апарламент адепутати, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, ААР аусзуҩцәеи злахәыз цәыббра 30 рзы Аҟәа аҭыԥ змаз ахҭыс.
Аминистр иажәақәа рыла, цәыббра 30 ахәылбыҽха адырра ҟалеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ахысбыжьқәа гоит ҳәа. 
Дмитри Дбар иаразнак аҭыԥ ахь днеит, избанзар убри аамҭазы аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭақәа руак аҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови иделегациеи, иара убас Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи тәан. 
Дбар аҭыԥ аҿы даннеи, хә-минуҭк раҟара рышьҭахь еиҭах ахысбыжьқәа геит. 
"Аҭыԥ аҿы саннеи, игылаз ауаа сразҵааит, дарбан ихысуаз ҳәа, Кокаиа аҭакс ихаҭа шиакәыз иҳәеит. Адепутат ижәны дшыҟаз анызба, уаҵәы ҭынч иҟалаз еилҳаргап, уабџьар ҳаҭ ҳәа сиҳәеит, аха иара мап икит. Изныкымкәа ишиаҳҳәазгьы иуамызт. Ианимуӡа, ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа рхала имырхырц иалагеит, аха иара урҭ рганахьала ажәа бааԥсыла дцәажәо, иҽирххо далагеит", – иҳәеит аминистр. 
Заседание Парламента. 01.10.2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аҟәа аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит
Дмитри Дбар хьаас ишимоу иҳәеит ари ахҭыс Аӡҩыбжьа иалҵыз аибашьра аветеранцәа иахьрыдҳәалахаз, урҭ даара пату шрықәиҵо азгәеиҭеит. Аха, иагьа ус иҟазаргьы, азинхьчаратә усбарҭақәа адепутат Гарри Кокаиа изакәаным ихымҩаԥгашьа аԥдырҟәҟәаар акәын.
Дбар иҳәеит ашьаусҭҵааранӡатәи агәаҭарақәа ишырҿу. Иара убас Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит ари ахҭыс аан ааха зауз амедицинатә цхыраара зҭаху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа иахәҭоу афинанстә дгылара ҟарҵарц ишазхиоу.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иара убас иазгәеиҭеит уи ауха ԥыҭрак ашьҭахь идырым аӡәы ҵхыбжьон асааҭ ҩба-хԥа шыҟаз еиԥш ААР ахыбра азааигәара уи аганахьала изныкымкәа дышхысыз.
"Излаадыруа ала, уи зуз змаҵуратә транспорт ала инеиз Апарламент адепутатцәа руаӡәк иоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Дбар. 
Дмитри Дбар Аԥсны жәлар рахь ихы нарханы иҳәеит:
"Сара ари амаҵура сахагылазар, еилых ҟасымҵароуп: ддепутатума, дминиструма, дветеранума, азакәан иаҿагылоу ак иуазар, дахьсырхәыроуп, дааныскылароуп. Ауаа еилызхуа аминистр дышәҭахума, ддепутатзар, даанысымкыло, дынхаҩызар - дааныскыло?! Сара ус иҟалар иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Адепутатцәа ирыҩуа азакәанқәа ирықәныҟәоит азинхьчаратә усбарҭақәа. Дара урҿыԥшратәы иҟазароуп. Азакәан зегьы ирзеиԥшзароуп", - иҳәеит Дмитри Дбар. 
Ажәабжьқәа зегьы
0