Ашықәс иалагазар Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаахьеит 600 нызқьҩык

© SputnikРицинский реликтовый национальный парк Абхазии
Рицинский реликтовый национальный парк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Анапаҵаҩра
Ашықәс иалагазар аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысхьеит 1,9 миллион транспорт хархәагеи 9 миллионҩык ауааԥсыреи.
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik.  Ашықәс иалагазар Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаахьеит 600 нызқьҩык, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит, сынтәатәи арбагақәа 2020 шықәса раахыстәи арбагақәа акырынтә ираԥыргоит ҳәа.
Амҩа, аԥсшьара, адгьылҳәазара: зҽызыԥсахи Риҵа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Амҩа, аԥсшьара, адгьылҳәазара: зҽызыԥсахи Риҵа
Риҵатәи Амилаҭтә парк аҵакыра аҭалара ахә ақәуп. Иаархәаз билеҭк аҟнытә шәмааҭк Гәдоуҭа араион абиуџьет иахырԥхьаӡалоит, сынтәа араион абиуџьет ахь ишьҭуп 60 миллион.
Иара убас амилаҭтә парк аиҳабы иҳәеит, нанҳәамзазы аекскурсиатә автобусқәа еиҳа ишмаҷхаз, аха уи аан зхатә машьынала Риҵатәи аҳәырԥсарра иҭалоз аԥсшьаҩцәа шырацәаз.
Краснодартәи аҳәаахьчаратә усбарҭа адыррақәа рыла, ашықәс иалагазар аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысхьеит 1,9 миллион транспорт хархәагеи 9 миллионҩык ауааԥсыреи. 
иҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаԥҵан. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа. Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0