https://sputnik-abkhazia.info/20211004/Asny-iazgareit-irgayz-Asha-Evstafi-Asilti-igalashara-amsh-1033336364.html
Аԥсны иазгәарҭеит иргәаҟыз Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара амш
Аԥсны иазгәарҭеит иргәаҟыз Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара амш
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара хԥа рзы Аԥсны иазгәарҭеит еиҳа пату зқәу иргәаҟыз Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара амш. 04.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-04T11:02+0300
2021-10-04T11:02+0300
2021-10-04T11:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/02/1032342919_0:0:3067:1735_1920x0_80_0_0_b316294490c15a62ba348d6a316e48cc.jpg
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Евстафи Аԥсилтәи раԥхьатәи аԥсуа ԥшьацәа дреиуоуп, итәылаҿы еиҳа пату иқәуп, аԥсуа уахәама имҵаныҳәоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәоит Иоанн Ахьҿы ԥшьа Камантәи иберҭыԥ амаҵ азызуа аигумен Игнати (Киут)."Ҳара ҳзы Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара аҵак ду амоуп. Есышықәса жьҭаара 3 азы ари амш азгәаҳҭоит, Анцәа иашьапкра мҩаԥаагоит", - ҳәа иҳәеит иара.Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахо иалагеит Евстафи Аԥсилтәи иныхачаԥақәа, ауаа еиҳа дырдыруа иҟалеит. Аигумен Игнати (Киут) игәаанагарала ари аԥшьа ихьӡ Аԥсны иаларҵәалатәуп еиҳа инарҭбааны. Абри азы аусурақәа мҩаԥгалатәуп.Евстафи Аԥсилтәи – ҭоурыхтә хаҿуп. Аԥсны аԥсҳа диԥан. Ихаҭагьы Аԥсны дахагылан VIII ашәышықәса актәи азыбжазы. Арабцәа Аԥсны ианақәла (Византиатәи аимпериа абашьраан), Ҵабалтәи абааш иахьаҵанакуаз аибашьра ӷәӷәа ҟалеит. Аԥшьа Евстафи дыҭҟәаны Харранҟа дган. Уа аԥсылманра ахьидимкылаз азы аџьамыӷәа дҭаргыланы дшьын."Идин имԥсахит, Анцәа димҭиит", - ҳәа иҳәоит Камантәи ауахәама аныхаԥааҩ.Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи (Харрантәи) мрагыларатәи ауахәамаҿы ихьӡ ҳаракуп. Иара ианиаамҭаз иргәаҟны иҭархаз зыхьӡ ихыз Евстафи Плакида ихьӡала ауахәама иргылахьан.Евстафи Аԥсилтәи иныхачаԥа Елыртәи ауахәамаҿы икыдуп. Аԥшьа аԥсҳамаҭәа ишәны дҭыхуп, уи ихылҵшьҭра аанарԥшуеит. Инапаҿы икуп ҩ-хык змоу ахыц. Арҭ рҩызцәа ахыцқәа Гьаргь Аиааирагаҩ иныхачаԥа азааигәа идыргылон.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/02/1032342919_0:0:3067:1927_1920x0_80_0_0_d907343efeb22a7d2640c00461d92879.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны иазгәарҭеит иргәаҟыз Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара амш
Жьҭаара хԥа рзы Аԥсны иазгәарҭеит еиҳа пату зқәу иргәаҟыз Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара амш.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Евстафи Аԥсилтәи раԥхьатәи аԥсуа ԥшьацәа дреиуоуп, итәылаҿы еиҳа пату иқәуп, аԥсуа уахәама имҵаныҳәоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәоит Иоанн Ахьҿы ԥшьа Камантәи иберҭыԥ амаҵ азызуа аигумен Игнати (Киут).
"Ҳара ҳзы Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара аҵак ду амоуп. Есышықәса жьҭаара 3 азы ари амш азгәаҳҭоит, Анцәа иашьапкра мҩаԥаагоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахо иалагеит Евстафи Аԥсилтәи иныхачаԥақәа, ауаа еиҳа дырдыруа иҟалеит. Аигумен Игнати (Киут) игәаанагарала ари аԥшьа ихьӡ Аԥсны иаларҵәалатәуп еиҳа инарҭбааны. Абри азы аусурақәа мҩаԥгалатәуп.
"Ҳара Анцәа имҵаныҳәарақәа, аџьар ныҟәарақәа мҩаԥаагалароуп иныхачаԥақәа кны. Аџьар ныҟәара мҩаԥгахар ҟалоит Ҵабал иахьаҵанакуа, дахьырыҭҟәаз абааш ахьгылаз аҭыԥ аҿы. Уа Евстафи Аԥсилтәи ихьӡала анцәа ҳимҵаматанеир ҟалоит. Сгәанала ари ҳауаажәларра еиднакылон, аиҳаракгьы анцәаихаҵаҩцәа. Иара ихьӡ, идинхаҵара, иӷәӷәара ҳара зегьы ҳзы иҿырԥшыгазароуп", - ҳәа иҳәеит аигумен Игнати (Киут).
Евстафи Аԥсилтәи – ҭоурыхтә хаҿуп. Аԥсны аԥсҳа диԥан. Ихаҭагьы Аԥсны дахагылан VIII ашәышықәса актәи азыбжазы. Арабцәа Аԥсны ианақәла (Византиатәи аимпериа абашьраан), Ҵабалтәи абааш иахьаҵанакуаз аибашьра ӷәӷәа ҟалеит. Аԥшьа Евстафи дыҭҟәаны Харранҟа дган. Уа аԥсылманра ахьидимкылаз азы аџьамыӷәа дҭаргыланы дшьын.
"Идин имԥсахит, Анцәа димҭиит", - ҳәа иҳәоит Камантәи ауахәама аныхаԥааҩ.
Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи (Харрантәи) мрагыларатәи ауахәамаҿы ихьӡ ҳаракуп. Иара ианиаамҭаз иргәаҟны иҭархаз зыхьӡ ихыз Евстафи Плакида ихьӡала ауахәама иргылахьан.
Евстафи Аԥсилтәи иныхачаԥа Елыртәи ауахәамаҿы икыдуп. Аԥшьа аԥсҳамаҭәа ишәны дҭыхуп, уи ихылҵшьҭра аанарԥшуеит. Инапаҿы икуп ҩ-хык змоу ахыц. Арҭ рҩызцәа ахыцқәа Гьаргь Аиааирагаҩ иныхачаԥа азааигәа идыргылон.