Ауаажәларратә палата ганкы мацара иадымцәылакәа аус ӡбазарц ааԥхьара ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественная палата
Общественная палата - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата иагәҭакуп Апарламент адепутати, аибашьра аветеранцәеи, амилициа аиҳабыреи рыбжьара иҟалаз ахҭыс ауаажәларратә хылаԥшра арҭарц.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Ауаажәларратә палата ганкы мацара иадымцәылакәа аус ӡбазарц ааԥхьара ҟанаҵеит. Абри азы аҳәамҭа ӡырган аконсультатив-еилацәажәаратә орган асаит аҿы.
Адырраҭараҿы иҳәоуп Ауаажәларратә палата агәҭынчымра ду шаанарԥшуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҽны аҭыԥ змаз ахҭыс азы.
"Ари ахҭыс  ахәаԥшраан х-аспектк алхтәны иҳаԥхьаӡоит:  аморалтә,  азинтә, ацәаҩашәалатә. Аҳәынҭқарра зегь азы, атәылауаа зегьы рзы ишәарҭараны ҳахәаԥшуеит азакәан ахьчара знапы иану ауаа уи анеиларго. Атәыла зегьы азы иҷыдоу ари амш  аҽны  аԥсуа ҳәынҭқарра аҵшәааразы ааха аҭан", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Ауаажәларратә палата азинмчратә еилазаарақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ишрызныҟәаз  цәаԥҽыгараны иахәаԥшуеит.
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Аполитолог Беслан Ҳагба: ҳаҩнуҵҟатәи ҳаиҿымкаара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит
Аконсультатив-еилацәажәаратә усбарҭаҿы иазгәарҭеит аҳәынҭқарра ахҭыс аҿиара азыԥхьагәанаҭар шакәу аҵыхәтәантәи 20 шықәса имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызхьаԥшны.
"Ааԥхьара ҟаҳҵоит  иныҭкааны, гакы мацара иадымцәылакәа  аҭагылазаашьа ҭҵааны аӡбра  адкылара мҩаԥгазарц, аполитикатә кризис алмыршакәа дасу ихәҭа дақәыршәазарц", - аҳәоит аҳәамҭаҿ.
Аԥсны Ауаажәларратә палата иагәҭакуп  Апарламент адепутати, аибашьра аветеранцәеи, амилициа аиҳабыреи рыбжьара иҟалаз ахҭыс  ауаажәларратә хылаԥшра арҭарц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ апрокурортә ҭҵаара алкаақәа иазыԥшырц аҳәара ҟаиҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0