Шәача иҟалаз адгьылҳәазара амҩеи аҩнқәеи ирԥырхагахеит

© Foto / из соцсетей Оползень в Сочи
Оползень в Сочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рылаҳәан, ҭыԥқәак рҿы ақәа ӷәӷәа алеира, адыд-мацәыс иазыԥшын, аӡиасқәа хыҵуеит ҳәа азгәаҭан.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Шәача иҳәазаз адгьыл 20 ҩны ирԥырхагахеит Лазаревск араион, ақыҭа Сергеи-Поле аҿы амҩа ԥнаргеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи АҶА апресс-маҵзура.
Адгьыл ахьыҳәазаз азы апрокуратура аусбарҭақәа аусҭҵаара хацдыркит.
"Лазаревск араион, ақыҭа Сергеи-Поле аҿы адгьыл ҳәазеит. Ари аҭыԥ аҿы аа-хатәыҩнык гылан, адгьыл аиҭаҵра амҩа ԥхасҭанатәит ақыҭа Варваровка аҿгьы. Уажәы аԥхасҭа зауз ацхыраара раҳҭоит, ауаа ахьахаагогьы ыҟоуп", - ҳәа иҩуеит Telegram-канал аҿы Шәача ахада Алексеи Копаигородски.
20 ҩны рҟынтәи 8 ҩнык ауаа рхын. Уантәи иқәгоуп 30-ҩык ауааԥсыра. Аӡәгьы ааха имоуит.
Амшцәгьа иахҟьаны афедералтә мҩаду А-147 Мамаитәи ахыҵырҭаҿы аԥхасҭа аиуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0