Ахы аиҷаҳара зынӡа иҳаздырӡомызт: аибашьҩы Нури Ҳалуашь иҭоурых

© Foto / предоставлено семьей Халваш Нури Халваш
Нури Халваш - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Агәымшәаразы амедал занашьоу аибашьҩы Нури Ҳалуашь иԥсадгьыл ахьчаразы дҩагылеит ишьаарҵәыраз аибашьра актәи амшқәа инадыркны, иара далахәын Гагра араион ахақәиҭтәра. Аибашьҩы иҭоурых Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа лматериал аҟны.
Зыԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла актәи аминуҭқәа рзы еивагылаз аԥсуа фырхацәа дыруаӡәкын Лыхны ақыҭа ииз, иааӡаз Агәымшәаразы амедал занашьоу Нури Ҳалуашь.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Аибашьҩы Нури Ҳалуашь аибашьцәа аӡәырҩы ишырҟазшьоу еиԥш еибашьратә мҩа аиҭаҳәара рацәак иҭахымызт. Уԥсадгьыл ухьчазар, уи азы ахӡыргара абаҭахәу иҳәоит иара.
Аибашьра ианалага аҽны -нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы Нури Лыхнытәи ачаитә фабрикаҟны аусураҿы дыҟан. Иашьа ихәыҷқәа Гагра иҟан. Аусура ашьҭахь урҭ раагара ҳәа Гаграҟа ддәықәлеит. Гәдоуҭа азааигәара абылтәы ҭасҭәоит ҳәа дахьаанҿасыз ауп иахьиаҳаз аибашьра ишалагаз атәы.
© Foto / предоставлено семьей Халваш Нури Ҳалуашь аррамаҵзура данахысуаз
Нури Халваш - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Нури Ҳалуашь аррамаҵзура данахысуаз
"Уи амш иахьеиԥш исгәалашәоит. Сашьа иԥацәа раагара Гаграҟа схы хан. Амашьына абылтәы ҭасҭәап ҳәа сахьаангылаз, саамҭа анааи, сҿаԥхьа ашәқәа зегьы надыркит. Азныказы иҟалаз сзеилымкааит, нас ауп ианеилыскаа аибашьра ишалагаз атәы. Иаразнак аҩныҟа схынҳәит, исымаз , избоз абџьар шьҭыхны ашҭа сынҭыҵит", - игәалаиршәоит аибашьҩы.
Уи аамҭазы Лыхнашҭа ажәлар аизара иалагахьан иҳәоит иара. Аибашьцәа абџьар ргарц ахьрылшоз рарҳәан, ақалақь Гәдоуҭаҟа идәықәлеит ахацәа, аха ус абџьар аиурагьы мариамызт. Нанҳәамза 15 рзы Гәдоуҭа "Черноморец" ахыбраҟны аибашьцәа еизеит. Адырҩаҽны нанҳәамза 16 рзы ирылаҩит ақырҭцәа еиқәных ихыҵны Гагра алалара шыргәиҭоу атәы.
Освобождение Гагрского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
"Амҩа ԥсҭазаара" ала: Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 29 шықәса ҵит
"Еиҳабыс ҳгәыԥ даман Беслан Гәымба. Лхаа рыҷкәынцәа зегьы хьыӡҳәала исзымҳәаргьы, аӡәк еиԥш еивагыланы Гәдоуҭаҟа идәықәлеит. Оҭар Гәымба қәрала дсеиҳабын, иара ашәарҭара ахьыҟаз аԥхьа дгыланы дцон, еиҳабык иаҳасабала ҳаихьчон",- иҳәоит Нури.
Доусы илахьынҵахашаз, иԥеиԥшхашаз аӡәгьы издыруамызт. Аԥсреи абзареи ирыбжьагылан аибашьцәа. Рҩызцәа рываршьаауан, ирацәан ацәыӡқәа:
"Гагра ақырҭцәа еибашьцәа хыҵны иақәлоит ҳәа анҳаҳа, ҳдәықәлеит ҳҽеибыҭаны. Уаантәи Цандрыԥшьҟа ҳдәықәырҵеит, уаҟа еиҳа аҭагылазаашьа цәгьан. Цандрыԥшь ҳанҩеи, ақырҭцәа рхабар ҳамбеит, усҟан амшын ихымҵӡыцызт, аҳәаа ахь ҳдәықәлеит. Уаҟа иҳаҳаит ҳара ҳашьҭахь Цандрыԥшь авокзал аҟынӡа ишааӡахьаз атәы. Аҷкәынцәа еицыз абжаҩык уахь ицеит. Сара, Гәымба Оҭар, Фридон Гобечиа, Ладариа Гарик, Ҳаразиа Гәылик апост аҟны ҳаанхеит", - ҳәа игәалаиршәоит Нури.
Цандрыԥшь ахысра ӷәӷәа цон. Нурик ицеибашьуаз Гәылики Ҳаразиеи Гарик Ладариеи уахь идәықәлеит. Иаанхеит Нури, Оҭар Гәымбеи, Фридон Гобечиеи.
"Апост аҟны ҳашгылаз машьынак аангылеит. Аԥсҟы икын усҟантәи арбџьар ашьтаб аиҳабы Лешьук, уи ицын Акун Қвираа, Даур Кәыҵниа. Акун иӡбахә мҳәакәан сзавсуам. Уи зегьы ҳаԥхьа аҳәаа ақырҭцәа хыҵаанӡа дахьӡаны дхыҵны, адгылара ҳаҭаны ареихсра даҿын. Сҩызцәеи сареи аӡы ҳарны аҳәаа ҳхыҵит",- иҳәоит иара.
Еиҳа ашәарҭара ахьыҟаз аҭыԥқәа рыҟны деибашьуан Нури Ҳалуашь. Уажәы-уашьҭан ақырҭцәа џьаԥҳаныла рҽеибыҭаны рхыҵра иазыԥшын, аԥсреи-абзареи рыбла иҭаԥшуа. Нури иҩызцәеи иареи аҳәаа ахыҵра азакәанеилагара ҿыҵгас иҟаҵаны рабџьарқәа зегьы рымхны иҭаркуеит. Аха хара имгакәан, аурыс Лешьук ибзоурала рабџьарқәа зегьы ырхынҳәны ирырҭоит.
Александр Кьетиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2021
"Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду": Александр Кьетиа игәалашәара иазкны
"Ҳабџьар анҳарҭа ашьҭахь, ашарԥазы абна ҳалалеит. Гәбаадәи Ауадҳареи амҩа ылганы иҟан усҟан,убри амҩала Аԥсныҟа ҳдәықәлеит",- дазааҭгылоит Нури Ҳалуашь.
Нури иҩызцәеи иареи ирхыргаз атәы аҳәара цәгьоуп. Ашьхаҳаракыра аџьаԥҳаны рыманы иаҿан, иааԥсон, рымч кәадахон. Аха рыԥсадгьыл ахьчаразы еиҳау ԥынгыла рбо иҟамызт. Уи аамҭазы аурыс телехәаԥшрала ирышьҭит алаҳәара: "Группа абхазских бандитов перешла границу с оружием. Догнать и арестовать!" ҳәа. Уи ахҭыс атәы игәаларшәо афырхаҵа иҳәоит:
"Амҩахь дҳақәшәеит ерман хаҵак, уи ҳгәаҳҽаниҵеит жәаҩаҩык ауаа шҳашьҭоу атәы. Хыхьынтә аҳаирапланқәагьы ҳаԥшааразы ихагьежьуан. Анцәа илаԥхала ԥсҭбарада Аԥсныҟа ҳалбааит",- иҳәоит иара.
Нури ицеибашьуаз, ивагылаз иазгәарҭоит шаҟа ахаҵареи, агәымшәареи ааирԥшуаз иуадаҩыз аиҿахысрақәа раан. Уи ицеибашьуаз, анаҩс иашьас изыҟалаз аибашьҩы Ҭамаз Цахнакьиа игәалашәарақәа ҳациҩишеит:
"Нури икомандир сара сҩыза иакәын, убри ила ҳаибадырит. Иареи сареи ҟазшьала ҳаиқәшәеит, ҳаиҩызцәа бзиахеит. Аибашьҩы афырхаҵа ӷәӷәа ззуҳәаша иоуп, игәымшәареи, еилҟьареи ртәы нагӡаны исызҳәом. Ипнари ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҩада ҳҩаскьаны ҳтәан иареи сареи акомандир идҵа ҳазыԥшны. Ҳааигәара аиҿахысра ӷәӷәа цон, ҳгәы иауазма атәара, ҳаргьы ҳҩызцәа ҳрывагылеит",- иҳәоит Нури ицеибашьуаз Ҭамаз.
 Леуанти Гыцба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
"Исхырымҳәааз иҟоузеи": Леуанти Гыцба иҟамыз ахәҭаҷ ала Қарҭ дышҭакыз
Аиҿахысрақәа руак аҟны Нурии Ҭамази аҭабиа иҭатәаны еибашьуан, иаарыкәаршаны ақырҭцәа рылахысуан. Аибашьцәа аҭабиа иҭыҵны рыԥсы иқәԥшуа ишеибашьуаз, рааигәара абзарбзан ԥжәеит. Ҭамаз ишьапқәа рыҩбагьы ааха ӷәӷәа азыннажьит. Нури игәеилгара иабзоураны, ихәра ҿаҳәаны, иҟәаҟәа дықәҵаны, игәы рӷәӷәо иԥсы еиқәирхеит.
"Нури иԥсы схоуп. Ашәарҭара ду дышҭагылазгьы, саанмыжькәа сыԥсы еиқәирхеит. Усҟәаҵ, уԥсы еиқәырха, уршьуеит ҳәа иабжьызгон. Иара ибжьы рӷьеҩны: "Иҟалеи уара, уахаҵаӡами, иаачҳа!"- ҳәа дсылабжьон. Абасала, афырхаҵа Нури Ҳалуашь ибзоурала сеиқәхеит",- иҳәоит Ҭамаз.
Анаҩс Нури Ҭамаз иашьас дҟаиҵоит, иахьа уажәраанӡа пату еиқәырҵоит, еибабоит. Нури ажәыларақәа руак аҟны иоуз ааха игәабзиара даара ианыԥшит, уаҳа аибашьра дзымцеит, аха уи ашьҭахьгьы илшоз ала аибашьцәа дрыцхраауан.
Ажәабжьқәа зегьы
0