"Исхырымҳәааз иҟоузеи": Леуанти Гыцба иҟамыз ахәҭаҷ ала Қарҭ дышҭакыз

© Foto / из личного архива Леуанти Гыцба Леуанти Гыцба
 Леуанти Гыцба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа изылкит "130-ҩык рышәҟәы" знапы аҵазҩыз, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалахәыз Леуанти Гыцба.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҟны аԥсуа жәлар иргаз аиааирала иаанкылахеит ақырҭқәа еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥырго рагрессивтә политика. Уи аԥхьаҟа шықәсы рацәала аԥсуаа ҵҟа-ҵҟала ҳмилаҭтә интересқәа ирзықәԥон, ақырҭцәа ҳзинқәа ахьеиларгоз амлашьратә акциақәа, амитингқәа рыла ирҿагылон ҳактивистцәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа иӡбахә шәзеиҭасҳәоит "130-ҩык рышәҟәы" знапы аҵазҩыз, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалахәыз, Гагра араион аҟны иаԥҵаз ажәлар ринтересқәа рыхьчара иазықәԥоз аиҿкаара "Абраскьыл" активист Леуанти Борис-иԥа Гыцба. Иара иҟамыз ахәҭаҷ "амилаҭ аичырчара" дахҭынҟьаны фымзи мчыбжьыки Қарҭ дҭаркхьан.

© Foto / из личного архива Леуанти ГыцбаЛеуанти Гыцба
Исхырымҳәааз иҟоузеи: Леуанти Гыцба иҟамыз ахәҭаҷ ала Қарҭ дышҭакыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Леуанти Гыцба

Леуанти Гыцба диит Бзыԥҭа аҳабла. Иара ихы идыруеижьҭеи аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара ауп дыззықәԥо. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ҟалаанӡа имиасит шықәсык аҿагыларатә амлашьратә акциақәа дрылахәымкәа. Инапы аҵаҩуп "130-ҩык рышәҟәы", дазааԥсеит атопонимика архынҳәра, Гагра астадион аҟны имҩаԥысыз амитинг уҳәа еиқәуԥхьаӡо уалагар, ҵыхәаԥҵәара аиуам активра ахьиуаз. Леуанти Гыцба инысымҩаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит иҟамыз ахәҭаҷ "амилаҭ аичырчара" ала Қарҭ иҭакра. Уи зыхҟьазгьы ҩаԥхьа ақырҭцәа аҭоурых рҩашьаны рхы ҭыргоит ҳәа ианалага дахьырҿагылаз ауп.

© Foto / из личного архива Леуанти ГыцбаЛеуанти Гыцба
Исхырымҳәааз иҟоузеи: Леуанти Гыцба иҟамыз ахәҭаҷ ала Қарҭ дышҭакыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Леуанти Гыцба

"1980 шықәсазы, Бзыԥҭа ацҳа азааигәара, ақырҭцәа апостамент шьақәдыргылеит. Ианыз аҩыра уажәы инҭкааны исгәалашәом, аха аҵакы абас еиԥш иҟан "абраҟа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан, аинрал Леселиӡе 46-тәи ир иманы диасуан". Ас еиԥш иҟаз апостаментқәа 5-6 ашьха мҩақәа рҿгьы рышьақәыргылара ргәы ишҭаз маӡала еилаҳкааит. Иара Гагра ахьӡ ԥсахны Леселиӡе ҳәа ахҵара, насгьы Леселиӡе аҽы дақәтәаны ибаҟа аргылара ишазхәыцхьазгьы ҳлымҳа иҭасхьан. Ҳара ибзианы иаадыруан аҭоурых рҩашьаны дара ишырзыманшәалаз аҟаҵара ҩаԥхьа ишашьҭалаз, Леселиӡе арҭ аҭыԥқәа рҿы ахаангьы дыҟамызт. Убри аҟнытә аиҿкаара "Абраскьыл" ахантәаҩы Борис Кьехьыриԥеи сареи ҳааицәажәан, аҭак арыҭара сара исуалзааит сҳәан, апостамент ианыз аҩыра аҿагылара азҭоз даҽа ҩырак сазхәыцит, анаҩс уи аполитикатә цтәы алҵит", - иҳәоит Леуанти Борис-иԥа.

© Foto / из личного архива Леуанти Гыцба Афото аҿы Леуанти Гыцба, Борис Кьехьирипа
Исхырымҳәааз иҟоузеи: Леуанти Гыцба иҟамыз ахәҭаҷ ала Қарҭ дышҭакыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Афото аҿы Леуанти Гыцба, Борис Кьехьирипа

Ақырҭцәа рпостамент аҟнытә ҩбаҟа метра бжьаҵаны Леуанти Гыцба "абри аҭыԥ аҟны Ар ҟаԥшьи "Кьараз" агәыԥи ақырҭуа меньшевикцәа ирабашьуан" ҳәа изниҵаз ахаҳә шьақәдыргылеит аԥсуа хацәа. Аҩыра аус адиулеит асахьаҭыхҩы Тариел Амԥар, ахаҳә абетон аҭарҭәара, ашьҭахь аӡәгьы имбакәа аҭыԥ ахь анагара дазааԥсеит Леуанти игәыла Гарик Кьетиа.

"Арҭ аусеиҿкаарақәа зегьы маӡала ҳарҿын. Ахацәа ҳанеиԥылоз ақырҭцәа ҳрымбарц Бзыԥ аӡиас ахықә ахь ҳалбааны ҳаилацәажәон. Ахаҳә аартрахь иааҳаԥхьоз аӡәаӡәала ираҳҳәон иахьнеиша. Аҽны ажәлар еизеит. Аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа Денис Чачхалиа, Семион Адлеиба, Геннади Аламиа уҳәа ирацәаҩын аусмҩаԥгатә иалахәыз. Ҳазегьы ҳгәырӷьаҵәа "аҭак раҳҭеит" ҳәа ҳаҟан, аха аӡәгьы издырӡомызт уаҵәы иҟалоз. КГБ аҟнытә Челиӡе зыжәлаз ҳмитинг ахь дааит, ахаҳә ианыз аҩыра данаԥхьа, убриаҟара дгәамҵит, иԥсыԥ еивахо далагеит. Иаразнак амилициахь дцеит. Ҳара аӡәы далакьысыр ҳуазма, изыхьчаша ҳартәеит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Леуанти Гыцба.

амлашьра иалахәыз Витали Кациа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2020
Дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан: амлашьра иалахәыз Витали Кациа иҭоурых

Аԥсуаа ишьақәдыргылаз ахаҳә ҿыгҳарыла ақырҭцәа рпостамент аасҭа акырӡа еиҳахеит, уи хымԥада дара архагеит. Аҳәынҭқарратә ҩаӡара змаз ацтәы дуӡӡа ҟалеит. Аус аилыргара Аԥсни Қырҭтәылеи рнапхгара аланагалеит. Леуанти Гыцба иҳәеит акы ықәганы егьи ааныжьра зынӡа аҩ-ганкгьы шақәшаҳаҭымхаз. Убасҟан аиҳабыра иазырыӡбеит рыҩбагьы рԥыргара.

"Ари аус аҵыхәала Бзыԥҭа аизара ду ҟалеит, аиҳабыра аднагалеит. Ажәахә аныҟасҵоз, "Қырҭтәылеи Аԥсни (ақырҭуа милаҭ иреиуаз) рнапхгара рахь агәрамгара ааҳарԥшуеит" ҳәа иҳадаҳкылаз ақәҵара иархагаз рацәаҩхеит, ԥыҭҩык сажәа хсыркәшаанӡа игыланы ицеит", - игәалашәоит иара.

Аизара ду ашьҭахь хара имгакәа, Леуанти Гыцба ари ақәҵара амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" алахәыла Игорь Марыхәба иқәиршәар иҭаххеит. Ашьыжь адәыӷба аанҿасырҭахь ддәықәлеит. Усҟан истудентцәаз Баҭал Хагәышьи Инга Барцыцԥҳаи ауниверситет ахь ицоит ҳәа уаҟа игылан. Аҿар анапынҵа риҭарц иҿанынеиха, Бзыԥҭатәи амилициа аиҳабы Шота Малиеи аихамҩатә милициа аиҳабыс иҟаз қырҭуаки "ҳуацәажәароуп" ҳәа ааԥхьара ирҭеит. Леуанти цәалашәарак иоун, иқәшәаз Сергеи Мхонџьиа "абри ақәҵара аҩныҟа иганы иҵәахы" ҳәа инаииҭан, амилициа аусзуҩцәа дрыцны иҿынеихеит. Хара имнеикәа уаала иҭәыз х-машьынак рзыԥшын. Леуанти Қарҭҟа дыргоит, "амилаҭ аичырчара" ҳәа иҟамыз ахәҭаҷ ала иус аӡбара иалагоит.

Бадра Айба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2019
Аиба: 1989 шықәсазы агазеҭ "Авангард" адаҟьақәа рҿы каламла ҳаибашьуан

"Фымзи мчыбжьыки акамера сҭакын. Сҿахәы анысҿырхуаз "исхароуп" сҳәеит, аха сус анырыӡбо иаарту аӡбара шысҭаху сҳәеит. Авидеокамералагьы хазы иҭырхит исхарарҵаз санақәшаҳаҭхоз, уи телехәаԥшралагьы иддырбараны иҟан, аха сҿаԥшылара ырцәгьаны исҳәозаарын, дара рҭахрақәа ирықәымшәазт азы ирымшьҭӡеит. Сыгәҭакқәа еилыркаарц акамера дсыцҭаркит дара иртәыз ауаҩы (наседка). Усҟан исымхаҳәеит ауниверситет аҿы аҵара шылҵо сгәы ззыбылуа аҭыԥҳа. Уи нахыс ларгьы илышьклаԥшуа иалагазаап. Есыҽны хыхьтәи аихагылаҟнытә амагнитофон аҿакны ашьҭыбжьқәа сдырҳауан, зны ахәыҷқәа рыбжьы, ҽазны аӡәы ибаҩқәа шилаԥырҵәҵәоз, нас аԥстәы аԥсаатә рышьҭыбжь уҳәа, ажәакала сыпсихика иақәыӷәӷәон", - еиҭеиҳәоит Леуанти Борис-иԥа.

Леуанти Гыцба иҭаацәа Урыстәылантәи адукат дизыркит. Иара аԥышәа дуӡӡа змаз иакәын, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Абаандаҩы диацәажәарц адукат Қарҭ даннеи, "сара шәыцхыраара сҭахӡам" иҳәазаап Леуанти ақырҭцәа иахьраҳауаз. Аха маӡалатәи реицәажәараан ус ишаҭахыз иеилиркааит. Адукат иус дазҟазан, Леуанти иаарту аӡбарҭаҟны иус иалацәажәарц азы дныҟәеит. Аҽны, Аԥснынтәи иааз рацәаҩхеит, ауа-аҭынха уҳәа иаарту аӡбарҭа рҽаладырхәит.

Алла Джения - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2018
Алла Џьниаԥҳа: аибашьра алагаанӡагьы, ақырҭцәа аҿагылара раҳҭон

"Сус анырыӡбоз ажәахә ҟасҵарц акәын. Акамераҟны исымаз ашәҟәы ацәаҳәақәа рыбжьара атекст сҩит. Аӡбарҭаҟны убри аҽны иус иалацәажәон амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" активистцәа иреиуаз Мирон Ҭырқьбагьы. Иара исыдырҵаз ахара сахьақәшаҳаҭхаз азы дсызгәааны дыҟан. Ажәа ансырҭа, иҩны исымаз сажәахә ахы санықәла, дҿаԥхаҿаччо ибла еиҵыхны дысҿаԥшит. Сус еилзыргоз ақәгәыӷуамызт абас схы аасырԥшуеит ҳәа, иҟаз шыҟаз еилырганы ирасҳәеит, схы ахара шадсымбо нацҵаны. Аӡбаҩ дыԥҳәысын, излеилкаахаз ала, аԥсшьара анырга "ари ихарарҵо ахәҭаҷ ыҟаӡам" лҳәазаап. Ажәакала, ирххо ирымаз сус аӡбара хыркәшан мчыбжьык ашьҭахь. Аӡбарҭатә зал аҟны схы сақәиҭтәын, уи аҽны Миронгьы доурыжьҭит. Сара хышықәса ахара схы сақәиҭны (условно) исхызгон. Уи аамҭа иалагӡаны џьара еизарак салахәхар ҟаломызт", - иажәа иациҵоит Леуанти Борис-иԥа.

Леуанти Гыцба Қарҭ дахьынӡаҭакыз Аԥсны изырымҳәаз иҟазеи. Амилаҭ зҵааразы дҭаркит, Ҭырқәтәылаа иҽрымаидон, аҩны маӡалатәи атипографиа иман уҳәа. Уи азымхошәа, агомосексуализм даларҟьшьырц уҳәансҳәан гәарарҵон.

Леуанти ихы данақәиҭха аҽныҵәҟьа иус аӡбара иалахәыз иаб, иашьцәа, ижәлантәқәа, иқыҭауаа дрыцны дәыӷбала Бзыԥҭаҟа дааит. Авокзал аҿы Борис Кьехьыриԥа ашколхәыҷқәа иманы ашәҭшьыҵәрақәа кны апатриот дуӡӡа иԥылеит. Иниас-ааиасуаз ажәлар иџьашьаны инаԥшааԥшуан, иаада ҳәа.

"Аҩныҟа ҳанаа, сҭаацәа, сыуацәа, сҩызцәа ачара изаҳуроуп ҳәа аҽныҵәҟьа ашьтәа иашьҭалеит, џьоукы аҩы ааргеит, егьырҭ ашьаԥа аргылара рҽазыркит. Ҳашҭаҿы ажәлар еизошәа збаз ацәгьаҳәаҩцәа аиҳабыра рахь адырра ҟарҵеит абаандаҩы ихақәиҭра азгәарҭоит ҳәа. "Шәызҿу иашам" ҳәа ауаа анааи, аҭацаагара ҳамоуп рҳәеит сҩызцәа", - игәалашәоит иара.

Леуанти Гыцба игәы иаҭахыз аԥҳәызба аамҭала Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ аҿы ҵаҩыс имаз Инга Барцыцԥҳа лакәын. Лара уажәшьҭа дыстудентын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, актәи акурс аҿы аҵара лҵон. Уи атәы здырыз иҩызцәа, аҽныҵәҟьа лаагара рҽазыршәеит. Леуанти ибара инеиз рыгәҭа дыҟан иабхәахараны иҟаз Виктор Барцыцгьы. Аб ашҭаҿы дыштәаз иԥҳа дызлааргозеи, убри аҟнытә "уск ҳамоуп, уҳацныҟәароуп" ҳәа джьаны иҩызцәа дыргеит.

Леуанти Гыцба ихы данақәиҭха аҽны аҭаацәара далалеит, аԥсҭазаара ҿыц амҩа данылеит.

Апатриот ду аҭакра шихигазгьы, знызаҵәыкгьы игәы меиҭасит, уимоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара имҩаԥнагоз аҿагыларатә акциақәа зегьы ихы рылаирхәуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0