Аӡҩыбжьа ахада Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы иҟаз аицәажәара атәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи, ақыҭа абыргцәа реидгыла ахаҭарнакцәеи Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, жьҭаара 11 азы.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аӡҩыбжьанәи иааз агәра диргеит Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс азы аӡбамҭа аветеранцәа ргәы иамыхәартә ишыҟамло. Абри атәы иҳәеит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба.
Уаанӡа, иахьа Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы еизаз ауааԥсыра Апрокурор хада иажәахә ашьҭахь, ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба, аветеранцәа Зураб Кокаиа, Валери Маан, ақыҭа абыргцәа рхада Нугзар Кациа злахәыз аделегациа Аԥсны ахада Иусбарҭахь иааит. Дара дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбари ихаҭыԥуааи рмаҵурақәа рамхра.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Аӡҩыбжьаа Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар имаҵура дамхтәуп ҳәа иқәгылеит
Жьҭаара 11 рзы Апарламент аҿы Апрокуратура хада цәыббра азы аҭыԥ змаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит ахҭыс алахәылацәа румҭақәа иахәҭоу ахәшьара аҭаразы, ҳәа иҳәеит Аԥсны апрокурор хада.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Адепутат Гарри Кокаиа иумҭа апрокуратура амчра ахаҭарнакцәа рцәаԥҽреи абжьахрақәеи роуп ҳәа ахнаҳәааит.
Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиа, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аветеранцәа алахәны цәыббра 30 азы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс ацәажәара ду ахылҿиааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0