Роспотребнадзор: акоронавирус бжьаратәла 11 мшы аԥсы ҭоуп

© Foto / Пресс-служба Госкорпорации Ростех / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство препарата "Ковид-глобулин" на основе плазмы крови переболевших COVID-19
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла акоронавирус зыдбалоу аиҳараҩык, астационартә ҟазшьала зҽызхәышәтәуа алаҵа рымам. COVID-19 еиҳа издаапкылаз ҳәа иршьо рҟынтәи алаҵа змоу 0,03% роуп иҟоу.
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. COVID-19 змоу аиҳараҩык 11 мшы роуп ианычмазаҩу, аха иҟоуп мышқәак рылагьы изхызго ҳәа РИА Новости иазеиҭарҳәеит Роспотребнадзор аҳақьымцәа.
Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Татиана Руженцова илҳәеит ачымазара 28 мшы рҟынӡа иаанхаргьы шалшо, аха уи еиуеиԥшым егьырҭ ачымазарақәа ирыдҳәалахар ҟалоит.
"Зны-зынла иуадаҩу аҭагылазаашьатә ҟазшьақәа хымз инаркны фымз рҟынӡа ианынхогьы ыҟоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Аҳақьым-терапевт Дариа Хавкина иазгәалҭеит ачымазара аамҭа ахәшәтәра иашеи ацәеижь-ҭагылазаашьеи ишрыдҳәалоу.
Убри аан алаҵа змоу еиҳа иласны ирхыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0