Автономтә канализациа ҿыц аиураны иҟоуп Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Анапаҵаҩра
Ҩымз раԥхьа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь асептик ԥхасҭахеит. Амыруга ҿыцқәа аахәан Краснодар.
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Автономтә канализациа ҿыц аиуеит Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь жәамш рыҩнуҵҟа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
"Ҩымз раԥхьа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь асептик ԥхасҭахеит. Амыруга ҿыцқәа аахәан Краснодар. Уа зегьы еидкыланы, еиқәыршәаны иаагеит. Уажәы амонтаж иаҿуп", - иҳәеит иара.
Тәанба иажәақәа рыла, апроект ахәԥса миллионки 800 нызқьмааҭи ыҟоуп. Амонтажтә усурақәа даҽа миллионк аҟынӡа итәоит. Арҭ аԥарақәа ареспубликатә биуџьет иазоунажьуеит.
Аҟазауаҩ ишиҳәаз ала, ажәытә септик аусура ианаҟәыҵ, аизыкәкәарақәа арыцқьагатә хархәага хадахьы ишиашоу ицо иҟаҵан.
"Аринахыс ари асептик аҿы абиологиатә рыцқьара ӷәӷәа мҩаԥысулоит. Техникатә планла ас еиҳа иуадаҩзаргьы, иҭыҵуа аӡы 98% рыла ирыцқьахоит", - иҳәеит Тәанба.
Аԥсны аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба иажәақәа рыла, уаанӡатәи асептик 2013 шықәсазы иргылан. Иара ахьыԥхасҭахаз мзызс иамазар ҟалоит иахәҭаз амаҵзура ахьамоуаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0