https://sputnik-abkhazia.info/20261116/1066989704.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апрокурор хада Адгәыр Агрба Аҟәа аҭыԥ змаз ахысрақәа рыҭҵаара амҩаԥысшьа ахатә хылаԥшра аиҭоит .Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы ирыхәаԥшит абҵара... 16.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-16T18:01+0300
2026-11-16T18:01+0300
2026-11-16T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/10/1066989538_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_4f55b842937fe2408ded9b7aa854a2d1.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апрокурор хада Адгәыр Агрба Аҟәа аҭыԥ змаз ахысрақәа рыҭҵаара амҩаԥысшьа ахатә хылаԥшра аиҭоит .Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы ирыхәаԥшит абҵара 15 рзы иҟалаз ахҭыс акәамаҵамақәа, усҟан ахәра иоуит Ефрем Кәарҷиа.Агрба ашьақәырӷәӷәаратә база аизгареи иҟалаз аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы аинформациа дазыӡырҩит.Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла ашьаус азы аҵакы змоу ахаҿқәеи аҭагылазаашьақәеи зегьы рыҭҵаареи рышьақәыргылареи рымҩаԥысшьа ишахәҭоу ахылаԥшра аҭаразы анапынҵақәа ҟаҵан.
Аԥсны Апрокуратура хада аусеилыргаратә усбарҭа 2025 шықәсазы абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгыларазы ахықәкытә программа анагӡараан аԥаршеиусқәа мҩаԥган ҳәа иҟаҵаз 34 дырра ргәаҭара иалагеит.Зхахьы ахыдҵақәа ганы иназмыгӡаз, аҳәынҭқарра иарҭаз аԥхасҭа змырхынҳәыз апрограмма алахәылацәа ргәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла ашьаус-зинтә хәшьара рыҭахоит, урҭ рзы апроцессуалтә ӡбамҭақәа рыдыркылоит.Иара убасгьы ахада инапынҵала анаплакреи ақыҭанхамҩеи рыҿиара аусбарҭатә программақәа ргәаҭара иацҵоуп.
Атуризм аусхк амонополизациа аҿагыларазы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Аԥсны Апарламент аҟны.Асасааирҭатә бизнес амонополиа азура аԥырҟәҟәааразы азакәан апроект иахәаԥшит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа далархәны.Атуризм аминистрра адемпинг иаҿагыло ауснагӡатәқәа жәпакы алнакааит.Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аиҭакрақәа аус рыдызуло хықәкы хадас ирымоу атуристтә усхк аԥырхага аҭара акәӡам, уаҟа ахәԥсеиҿкаара аҭышәныртәалара ауп. Адепутатцәеи Аминистрцәа реилазаареи азакәан рыдыркылар,уи амчра аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2027 инаркны.
Адәыӷбақәа "Диоскуриа" аԥхынтәи асезон иалагӡаны 136 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа Шәачантәи Аԥсныҟа ииаргеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атранспорт аминистрра.Зегь раасҭа ауаа анырацәаз ԥхынгәымзазы 34,5 нызқьҩык ари амаршрут ала имҩасит.Аихамҩатә транспорт азы Афедералтә маҵзура, Сириус-Аҟәа шьҭахьҟатәи ареисқәа рымҩангаразы Урыстәылатәи аихамҩа ахарџьқәа рыхәҭак ханарҭәаауеит. Цәыббра 1 инаркны амаршрут Гәыма астанциаҟынӡа иацҵоуп
Апрокурор хада Адгәыр Агрба Аҟәа аҭыԥ змаз ахысрақәа рыҭҵаара амҩаԥысшьа ахатә хылаԥшра аиҭоит .Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы ирыхәаԥшит абҵара 15 рзы иҟалаз ахҭыс акәамаҵамақәа, усҟан ахәра иоуит Ефрем Кәарҷиа.Агрба ашьақәырӷәӷәаратә база аизгареи иҟалаз аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы аинформациа дазыӡырҩит.Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла ашьаус азы аҵакы змоу ахаҿқәеи аҭагылазаашьақәеи зегьы рыҭҵаареи рышьақәыргылареи рымҩаԥысшьа ишахәҭоу ахылаԥшра аҭаразы анапынҵақәа ҟаҵан. Аԥсны Апрокуратура хада аусеилыргаратә усбарҭа 2025 шықәсазы абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгыларазы ахықәкытә программа анагӡараан аԥаршеиусқәа мҩаԥган ҳәа иҟаҵаз 34 дырра ргәаҭара иалагеит.Зхахьы ахыдҵақәа ганы иназмыгӡаз, аҳәынҭқарра иарҭаз аԥхасҭа змырхынҳәыз апрограмма алахәылацәа ргәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла ашьаус-зинтә хәшьара рыҭахоит, урҭ рзы апроцессуалтә ӡбамҭақәа рыдыркылоит.Иара убасгьы ахада инапынҵала анаплакреи ақыҭанхамҩеи рыҿиара аусбарҭатә программақәа ргәаҭара иацҵоуп. Атуризм аусхк амонополизациа аҿагыларазы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Аԥсны Апарламент аҟны.Асасааирҭатә бизнес амонополиа азура аԥырҟәҟәааразы азакәан апроект иахәаԥшит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа далархәны.Атуризм аминистрра адемпинг иаҿагыло ауснагӡатәқәа жәпакы алнакааит.Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аиҭакрақәа аус рыдызуло хықәкы хадас ирымоу атуристтә усхк аԥырхага аҭара акәӡам, уаҟа ахәԥсеиҿкаара аҭышәныртәалара ауп. Адепутатцәеи Аминистрцәа реилазаареи азакәан рыдыркылар,уи амчра аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2027 инаркны. Адәыӷбақәа "Диоскуриа" аԥхынтәи асезон иалагӡаны 136 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа Шәачантәи Аԥсныҟа ииаргеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атранспорт аминистрра.Зегь раасҭа ауаа анырацәаз ԥхынгәымзазы 34,5 нызқьҩык ари амаршрут ала имҩасит.Аихамҩатә транспорт азы Афедералтә маҵзура, Сириус-Аҟәа шьҭахьҟатәи ареисқәа рымҩангаразы Урыстәылатәи аихамҩа ахарџьқәа рыхәҭак ханарҭәаауеит. Цәыббра 1 инаркны амаршрут Гәыма астанциаҟынӡа иацҵоуп
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/10/1066989538_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c0e8835cbf232981101b71f4f4ddca9b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио