Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәаазгәаҭаразы аусурақәа ирыдрыԥхьалеит

© Sputnik Кабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны аиҿкаара иаҿуп Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаазгәаҭареи алимитациа ахыхреи рзы акомиссиа.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазныкгьы Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәаазгәаҭаразы аусурақәа ирыдрыԥхьалеит, аԥыза-министр Гарибашвили иажәахә аҭакс.
Қырҭтәыла амчрақәа аҳәаазгәаҭареи алимитациа хыхреи рзы апроцесс хдыркәшароуп, аха уи Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара иҟоу аҳәааҿ иҳәеит Гарибашвили.

"И. Гарибашвили иҳәамҭа хшыҩ зҵоу акоуп ҳәа иузыԥхьаӡом. Уааҟәымҵӡакәа "Иаку Қырҭтәыла" ҳәа уҳәалар ауеит, аха уи арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахраны иҟам", - ҳәа рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.

"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны аиҿкаара иаҿуп Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаазгәаҭареи алимитациа ахыхреи рзы акомиссиа. Ақырҭуа ган аҟынтәи ҳажәалагала аҭак арҭап ҳәа ҳаԥшуп. Ҳгәыӷуеит ақырҭуа гангьы иара абри аҩыза акомиссиа аԥнаҵап ҳәа", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Аԥсны ААР Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи рраунд шымҩаԥысыз иалацәажәеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазныкгьы Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари апроблематика ахшыҩзышьҭра арҭарц, рыгәгьы рҽанырҵоит уи иазхьамԥшыр, ганкы мацара ала аусурақәа шымҩаԥгахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0