ВОЗ: COVID-19 иахҟьаны аимҳәаду аҟынтәи ауаа рыԥсра еиҳахеит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПациенты на химиотерапии, архивное фото
Пациенты на химиотерапии, архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
ВОЗ адыррақәа рыла, иахьатәи аамҭазы адунеи аҟны ԥшьмиллионҩык рҟынӡа аимҳәаду рымоуп.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа COVID-19 иахьырԥшны аимҳәаду аҟынтәи ауаа рыԥсра еиҳахеит ҳәа аҳәоит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара ажәахәынҵаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"COVID-19 апандемиа шьҭахьҟа иаргьыжьит аимҩаду аҿагылараҿ акыршықәсатәи апрогресс иҟаз. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа COVID-19 иахьырԥшны аимҳәаду аҟынтәи ауаа рыԥсра еиҳахеит", - ҳәа аҳәоит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара ажәахәынҵаҿы.
Аиҿкаара адыррақәа рыла, 2020 шықәсазы аимҳәаду аҟынтәи рыԥсҭазаара иалҵит 1,5 миллионҩык.
"ВОЗ азыԥхьагәаҭарақәа рыла 2021, 2022 шықәсқәа рзы аимҳәаду иахырҟьаны иԥсуа рхыԥхьаӡара иҵегьы еиҳахар ҟалоит. Аимҳәадуҿагылара амаҵзурақәа рыпроблемақәа ирыхҟьаны 2020 шықәсазы аимҳәаду змаз аӡәырҩык адиагноз ианаамҭаз ирзықәыргыламызт", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
ВОЗ ахәшьарақәа рыла 4,1 миллионҩык иахьазы аимҳәаду рымоуп, аха урҭ рчымазара шьақәырӷәӷәам ма официалла ашәҟәы иҭагалам. 2,9 миллионҩык ачымазцәа ашәҟәы иҭагалан 2019 шықәсазы ҳәа аҳәоит ажәахә аҿы.
Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара: COVID-19 азы аҭагылазаашьа еицәахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0