"Амшынеиқәафымцамч" аҿы амҩаду Ԥсоу-Аҟәа арлашагақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии электропередач
Линии электропередач  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә мҩаду Ԥсоу-Аҟәа алашарала аибыҭаразы аусурақәа мҩаԥган 2014 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә мҩаду Ԥсоу-Аҟәа аҟны иҟоу арлашагақәа реиҳара аус руӡом, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
Адәнытә лашара ахархәараз амаҵзура аиҳабы Дмитри Лакрба ишиҳәаз ала, ари амҩахәҭа лашарала еиқәыршәан 2014 шықәсазы. Зынӡа иқәыргылан 2730 шьаҟа, ҩба-ҩба плафон рыманы, Гагра араион аҿы акака рыман.
Инал Лазба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2019
Арадио
Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп
Уажәазы аплафонқәа рыбжак аус руам. Лакрба иҳәеит 5460 цыра рҟынтәи аус зуа 2300-2400 лампа шракәу. Алампақәа рхархәара аамҭа ҩышықәса раԥхьа инҵәеит.
"Иаанхан иҟоугьы рҭагылазаашьа уашәшәыроуп. Бжьышықәса аус руит. Уи алашара анеиԥҟьоз аамҭазы. Алампақәа рылшамҭа иахысит", - иҳәеит иара.
Аҟазауаҩ ишиҳәаз ала, асеиԥш иҟоу лампак ахәԥса 15-20 нызқьмааҭ итәоит. Уи адагьы афымцатә ҳақәа аремонт рҭахны иҟоуп.
Лампочка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит аӡынтәи аамҭахь аиасра рыҽшаздырхио
Лакрба иҳәеит алашара аиԥҟьара арҭ арлашагақәа ибааԥсны анырра шырнаҭо. Ацәаҳәа зегьы иахьазы сааҭк ала мегаваттбжак алашара ахы ианархәоит.
Арлашагақәа зегьы аус руазар мегаваттк ахархәара аҭахон.
"Амшынеиқәафымцамч" аихшаратә ҳақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Рамин Зингишвили еиҭеиҳәеит, имҩаԥысло аремонттә усурақәа анаплакы ахарџьала ишымҩаԥырго. Амҩахәҭа зегьы аҿы алашара аиҭашьақәыргылара аԥара азхом.
"Есыҽны арҭ ацәаҳәақәа рымаҵ аауеит. Аԥхасҭа ҟалар аремонт ҟаҳҵоит, аха арлашагақәа раахәара ҳамч ақәхаӡом. Ҩба-ҩба лампа ахьыҟаз акака нҳажьит. Ҳаҵәахырҭақәа рҿы аҭаҵәахқәа ҳамам", - иҳәеит иара.
Зингишвили иажәақәа рыла, ацәаҳәа амҩангараан иара амаҵзура араионтә хадарақәа ирыдҵазарц ӡбан, аха ахарџьқәа рзы уи мап ацәыркит. Аобиект "Амшынеиқәафымцамч" иазаанхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0