Москва имҩаԥысит аԥгаԥсазы аԥсуа-аурыс усутә комиссиа раԥхьатәи аилатәара

© Foto / пресс-служба минтуризмаМинистр туризма Теймураз Хишба в рамках рабочей поездки в Москву провел встречу с членами рабочей группы при Президенте Республики Абхазия по подготовке предложений по совершенствованию страховой отрасли.
Министр туризма Теймураз Хишба в рамках рабочей поездки в Москву провел встречу с членами рабочей группы при Президенте Республики Абхазия по подготовке предложений по совершенствованию страховой отрасли.
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москваҟа иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥигеит аԥгаԥсатә усхк аиӷьтәра иазырхоу аурыс-аԥсуа комиссиа алахәылацәеи иареи реиԥылара.
АҞӘА, жьҭаара 19- Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москваҟа иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥгаԥсазы аԥсуа-аурыс усутә комиссиа раԥхьатәи аилатәара, аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны ахада иҟны еиҿкаау, аԥгаԥсатә усхк аиӷьтәразы иаԥҵоу аусутә гәыԥ алахәылацәа, Ростуризм ауаажәларратә хеилак ахаҭарнакцәа, урыстәылатәи аԥгаԥсаҟаҵацәа.
Иазгәаҭоуп аиԥылараан ишрылацәажәаз 2021 шықәсатәи атуристтә сезон аихшьаалақәа, Аԥсны аҵакыраҿы зыԥсы зшьо урыстәылаа рыԥгаԥсаҟаҵара аиҿкаара азҵаарақәа. Уи адагьы аиԥылара алахәылацәа ргәаанагарақәа еимырдеит Аԥсны аҵакыраҿы амедицинатә цхыраара аиҿкаара азҵаарақәа ирыҵаркуа астатистикатә информациеи , аԥгаԥсатә аалыҵқәеи рганахь ала.
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
АТОР: абҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан Шәачатәи атуристцәа реиҳараҩык Аԥсныҟа иаар алшоит
Аиԥылараҿ иара убасгьы еиқәшаҳаҭхеит атуристцәа рыԥсшьараан ршәарҭадара, рыплани ажәалагалақәеи разырхиаразы.
Аԥгаԥсатә усхк аиӷьтәразы ажәадгалақәа разырхиаразы аусутә гәыԥ аԥҵан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала, аԥгаԥсатә усхк аизҳазыӷьара алыршаразы, Аԥсныҟа иаауа атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи хымԥада аԥгаԥса раҵаркразы.
Рыбак в лодке в Андаманском море у побережья Таиланда. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2018
Аԥгаԥсатә еилахәыра иалнакааит еиҳа ишәарҭоу атәылақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0