Уақәым - аԥсуа школ аџьынџь

© Foto / Иаҳзаалышьҭит Димона АџьынџьалОкумская средняя школа
Окумская средняя школа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьаӡатәи аԥсуа школ иахыҵит 170 шықәса.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Раԥхьаӡатәи аԥсуа школ аартын 1851 шықәсазы, Уақәым ақыҭан ауахәама аусзуҩ Давид Маҷавариани ибзоураны. Усҟантәи аамҭазы Маҷавариани аҵара бзиа иман, Тифлисстәи адоуҳатә семинариа далгахьан, агырцәа рдоуҳатә ҵараиурҭа хылаԥшҩыс даман. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Маҷавариани аҭыԥантәи анхацәа рыгәрагареи раҳаҭыри дрыԥсахеит. Иара иааирԥшыз азнеишьеи азҿлымҳареи ирыбзоураны хара имгакәан, Уақәымтәи ашкол зегьы иреиӷьыз раԥхьаӡатәи школны ишьақәгылеит.
Араҟа аҵара рҵон Самырзаҟанаа рнаҩсгьы егьырҭ араионқәа рҟынтәи аҵара зҵарц зҭахыз зегьы. 1851 шықәсазы акомиссиа иҟанаҵаз алкаа аҟны ашкол ахәшьара аҭо, иаҳәон: ашкол аҵара апроцесс угәы иаахәартә ишеиҿкаау, иахәҭоу ахыбреи иманшәалоу аҭагылазаашьеи иахьынӡахәҭоу ишазыԥҵамызгьы, зегьы акоуп ашкол меихсыӷьрада аус шауа атәы, уи ахәшьара ҳаракы аҭара ишаԥсоу.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Димона АџьынџьалОкумская средняя школа
Окумская средняя школа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Ашкол иацәыхараз аҵаҩцәа рзыҳәан, иргылан ҩынҩажәа ҩык рҭыԥ змаз апансион. Усҟантәи аамҭазы Уақәым ақыҭан х-нызқь ҩык ауааԥсыра аланхон. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзын шәҩык инарзынаԥшуа ашкол аҟны аҵара рҵон. Ашколтә программа иахьынӡақәнагоз ихарҭәааны иҟан. Ирхысуан еиуеиԥшым амаҭәарқәа: аԥхьара, арифметика, агеометриа, асахьаҭыхра, иԥшьоу аҭоурых. Адиктантқәеи ахыҭҳәаақәеи абиблиатә темақәа ирызкын.
Уақәымтәи ашкол аартра акырӡа аҵанакуан аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҟны. Уи алагь аҵарадырра агьама ахы акуа иалагеит. Раԥхьаӡа аурокқәа мҩаԥысуан ашьыжь асааҭ ааба инаркны асааҭ жәаҩанӡа. Аҵаҩцәа ирымамызт излаҩуаз, иахьыҩуаз, аха уи ала еиҵахомызт. Усҟантәи аҵаҩцәа ражәақәа рыла, аӡы аҟны ахәа ҷышәшәы ҟаҵаны аҟыз хәы ҭшьны иҩуан. Ақьаад анырзымхоз ршьапқәа рыҟны иқәыҩуан.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзын ашкол акырынтә изыниахьаз ауадаҩрақәа зегьы ириааины иахьанӡагь иааӡеит. Ашкол аиҭашьақәыргылара азҵаара изныкымкәан ишьҭырххьан, аха илҵшәадан. Ус иагьа иҟазаргьы иахьатәи ашкол анапхгаҩы илылшеит уи азҵаара аӡбара.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Димона АџьынџьалОкумская средняя школа
Окумская средняя школа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
"Иахьа ҳара аҵара ахьаҳҵо ахыбра ргылан 1936 шықәса рзы. Ҳәарада, иара аиҭарҿыцра зҭахыз ак акәны иҟан. Ашкол аҭагылазаашьа даара ицәгьан. Аԥенџьырқәа ҭасаӡамызт, адашьма, ахыб, алашара уҳәа акгьы ыҟамызт. Аӡынра даара ишыхьшәашәаразгьы аҵаҩцәа аауан", - ҳәа лҳәеит ашкол анапхгаҩы Демона Џьынџьалԥҳа.
"Ҳашкол аиҭашьақәыргылара аҟны даара ацхыраара ҳарҭеит ԥыхьатәи Ҭҟәарчал ақалақь аиҳабы Чачхалиа Аида, араионтә ҵараҟәша аиҳабы Манана Аршба иара убас, "ахҵәацәа рзыҳәаны Даниатәи аидгыла". Хышықәса ирылагӡаны ҳашкол дырлашеит, иахәҭаз зегьы рыла еиқәдыршәеит. Аиҭашьақәыргыларатә усқәа ахьынӡацоз ҳҵара еиԥымҟьаӡеит", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Димона АџьынџьалОкумская средняя школа
Окумская средняя школа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Уақәымтәи абжьаратә школ арҵаҩратә еилазаара беиоуп, амаҭәарқәа зегьы мҩаԥыргоит. Ашкол аҟны аҵара рҵоит 200-ҩык инарзынаԥшуа аҵаҩцәа. Ашкол анапхгаҩы лажәақәа рыла, араион аҟны имҩаԥысуа ашколхәыҷқәа рыбжьара аицлабрақәа аҵаҩцәа рхы аладырхәоит, ақәҿиарақәагь изныкымкәан иаадырԥшхьеит. Ҳҵаҩцәа рыла сгәы еизҳауеит, ҳаушьҭымҭцәа еиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалоит. Иҟоуп Аԥсны анҭыҵгьы ицо", - ҳәа лҳәоит ашкол анапхгаҩы.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Димона АџьынџьалОкумская средняя школа
Окумская средняя школа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзыҳәан ари ашкол аҟны аус руан здырреи, зыуаҩреи, зԥышәеи ҳаракыз арҵаҩцәа нагақәа. Урҭ рыбзоурала иахьа уажәраанӡа аҭоурыхтә школ ашәқәа аартуп, 170 шықәса раахыс адырра арбеира иауасхыруп.
Ажәабжьқәа зегьы
0