Аԥсны акоронавирус злаз ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 30656-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 25907-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 441-ҩык.
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа рзыҟарҵеит 529-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 160-ҩык аҿкы шрылаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 88 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 52-еи 62-еи шықәса зхыҵуаз ахацәеи. Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1935 шықәсазы ииз аԥҳәыс.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 78-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкы аламырҵәаразы иахәҭоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0