Апрокуратура Асҭамыр Арӡынба ишьра инадҳәалан аусҭҵаара хацнаркит

CC0 / / Молот правосудия
Молот правосудия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Анапаҵаҩра
Ауаҩшьра ҟалеит аԥшьаша жьҭаара 20 азы, аҵх акыр инеихьаны, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан.
АҞӘА, жьҭаара 24- Sputnik. Гәдоуҭа араион Апрокуратура ашьаусҭҵаара хацнаркит Асҭамыр Арӡынба ишьра инадҳәаланы, абри атәы аанацҳауеит Апсны Апрокуратура асаит.

Арӡынба иеихсыз Ренат Ԥачалиа иганахь ала ашьаусҭҵаара хаҵаркуп ҩ-статиак рыла: ауҩшьреи, иара убас абџьар закәаншьаҭада аахәареи, аҭиреи, аныҟәгареи, гәыԥҩык заа еицәажәаны инарыгзаз ауси рзы.

Ауаҩшьра ҟалеит аԥшьаша жьҭаара 20 азы, аҵх акыр инеихьаны, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0