Арда Ашәба: Ныхак иаҳзаҩызаз ҳинститут абылра рылшазаргьы, доуҳала ҳаӷәӷәара иазымаиааит

© Foto / Колхида Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны
Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 22 1992 шықәсазы ақырҭуа ар Аԥсуаҭҵааратә Институти Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә архиви амца ацраҵаны ирыблит.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik.
Аԥсуаа ҳҭоурых аҟны имшы еиқәаҵәаны иалкаау арыцхәқәа иреиуоуп жьҭаара 22 1992 шықәса. Ари аҽны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа амца ацраҵаны ирблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архиви. Еимгеимцарак ала иццышәыртәит аԥсуа жәлар ҳҭоурых зҳәоз зқьыла аусумҭақәа.
© Foto / Чирикба АБНИ
АБНИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
АБНИ
"Ҳҵарауаа рбар ҟаломызт, имшәа-имырҳа Сталин иахь ашәҟәқәа рыҩуан "аԥсуаа рзинқәа еилагоуп" ҳәа иҟам-ианым арбаны. Хымԥада, ҳинститут аҟны аус зуаз аҵарауаа ргәаӷ рыман, ахыбра ааха ӷәӷәа аҭара акәын хықәкысгьы ирымаз раԥхьа инаргыланы. Аныха иаҳзаҩызаз Аԥсуа ҭҵаарадырратә Институт, материалла ибеиаз, акыр зҵазкуаз архив раԥхьа иргыланы иқәгатәын, избанзар ҳмилаҭтә беиареи ҳҭоурых ҵабырги зыршаҳаҭуаз баҟан. Уи ибзиаӡаны, еилкааны ирыман ҳаӷацәа. Аха доуҳала ҳаӷәӷәара изазымаиааит." - ҳәа иҳәоит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.
© Foto / Колхида Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны
Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны
Ари ааха дууп, рыцҳароуп аԥсуа ҭҵаарадырраз, избанзар жәашықәсала еизгаз, ҳҵарауаа аџьабаа ду здбалан иҭырҵаахьаз русумҭақәа зегьы минуҭқәак ирылагӡаны иццышәха иқәырҵеит. "Акыр шықәса араҟа аус зуаз, аҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥа Аинститут амца акит ҳәа аниаҳа, дыҩны дааит. Аха уахь дыҩназҵодаз, ақырҭцәа акәшаны игылан. Амца иалаблит зҭыжьра иахьымӡаз, иуникалтәыз аматериалқәа, жәашықәсала еизигоз аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Уи шьҭа зқьышықәсала иаҳзеизымго акакәны иаанхеит, избанзар урҭ зегьы доуҳала ибеиаз, ажәлар рыҿцәажәараан ианиҵаз ҩымҭақәан", - ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.
Афольклор ҭызҵаауаз, алитература, абызшәа, адоктортә диссертациа зыхьчараны иҟаз зегьы рҽахьеидыркылоз, ражәеи рҳәоуи еиқәыршәаны иахьырыӡбоз Аинститут ахыбра аҟны акәын, убраҟа ишьҭан хәы змаӡамыз аусумҭақәа. "Издыруада урҭ аматериалқәа алганы иргазар, нас амца ацрарҵазар? Уи шьҭа еилкаашьа амам. Аха еилкааны иҳамоу акызаҵәык ауп, гәаӷшақә аԥсуа бызшәа, аԥсуа доуҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеи иазымдырроуп ҳәа ашәҟәы наунагӡа ҳаныхра азыҳәаны рымч ишамеигӡоз ақырҭуа фашистцәа", - ҳәа иҳәоит Ашәба.
© Foto / Колхида Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны
Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Здание абхазского Института гуманитарных исследований до войны
Ахаан хнырҳәышьа змам, харҭәаашьа змам акакәны иаанхеит ҳаԥсуа ҭҵаарадырратә Институти Архиви рбылра. Арда Ашәба иажәақәа рыла, иахьатәи ҳаамҭазы Аинститут аказы еиҵаханы иҟаӡам, аԥхьатәи ахаҿра иазыхынҳәны аҭҵаара иаҿуп, меихсыӷьрада аус ауеит: "Анцәа иџьшьны, ҳазшаз ицхыраарала Аиааира ҳгеит, ҳхаҿра еиқәзырхо иҳамаз ҳҭоурых ҳазыхынҳәит, ихьыԥшым Аҳәынҭқарра шьақәҳаргылеит. Иахьа Аԥсуаҭҵааратә Институт ҩаԥхьа ашәқәа аартуп. Аус руеит аҵарауаа нагақәа, урҭ ирышьҭанеиуа анаука згәы ахьыбылуа, збызшәеи зкультуреи ԥхьаҟа аӡыргара зылшо аԥсуа ҿарацәа", - ҳәа иҳәоит Арда Ашәба.
Чачхалиа Аԥсуаҭҵааратә институти архиви амца рыцраҵаразы: афашизмра иаҟараны сахәаԥшуеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Арадио
Чачхалиа Аԥсуаҭҵааратә институти архиви рбылразы: афашизмра иаҟараны сахәаԥшуеит
Жьҭаара 22, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалҩцәа ирблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви. Уи аамҭазы 673 фонд рҿы иҵәахын 176 нызқь инацны аусумҭақәа, урҭ рахьынтә 160 нызқь усумҭа ықәырхит. Ашәҟәқәа хадаратәла иахьыҟаз ахыбра агәҭантәи акорпус ццышәыртәит. Ирблыз ашәҟәқәа 1810-1980 шықәсқәа рахь иаҵанакуан. Архивтә шәҟәқәа рҟынтә аизгақәа ирныланы икьыԥхьыз ахәҭак ауп еиқәхаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0