Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиа ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы: ицхыраагӡоуп ачымазара алмырҵәаразы

Қәҭелиа ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы: ицхыраагӡоуп ачымазара алмырҵәаразы
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 25 инаркны Аԥсны аҵаратә усҳәарҭақәа мчыбжьык ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рахь ишьҭуп. Ари аепидемиа арԥсыҽра иахьынӡацхраауа атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аҵара аминистрра аинформациатә маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
"Ашколхәыҷқәа мчыбжьык ҳәа ԥсшьара иоужьуп. Ари, жәаҳәарада, ицхыраагӡоуп ачымазара ҿкы ковид алмырҵәаразы ауснагӡатәқәа. Ари аамҭазы ашколқәа рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥгазар ауеит, убасгьы аҵаҩцәагьы арҵаҩцәагьы хәыҷык рыԥсы еиҭаркуеит. Аҵареи абызшәатә политикеи, агәабзиарахьчареи рминистрцәеи ақалақь асанитартә ҳақьым хада лхаҭыԥуаҩи, аԥыза-министр иҟны реиқәшәараан иазгәаҭан ичмазаҩхо рхыԥхьаӡара еиҳахо иалагар, убасҟан аԥсшьарамшқәа даҽа мчыбжьык иацҵахар ауеит ҳәа. Иахьазы ахәыҷқәа мчыбжьык ҳәа ауп ишоужьу. Астатистика ҳазааҭгылозар, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистррахьы есымчыбжьа иаарышьҭуеит ашколқәа рҟны ичмазаҩхаз рзы аинформациа…Иахьазы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа арҵаҩцәа ыҟоуп, урҭ рахьынтә шәҩык рҟынӡа чмазаҩуп. Ашколхәыҷқәа 30 нызқьҩык рҟынӡа ахьыҟоу 187- ҩык чмазаҩуп. Ҳгәыӷуеит мчыбжьык иалагӡаны аҭагылазаашьа иҵегьы иҭышәынтәалахап, ашколқәа рахь инеип ҳәа", - иҳәеит Қәҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0