Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жорданиа РУСДРАМ Урыстәыла агастрольқәа рзы: аԥхарра рыцуп, аусуразы агәаҳәара урҭоит

Жорданиа РУСДРАМ Урыстәыла агастрольқәа рзы: аԥхарра рыцуп, аусура агәаҳәара урҭоит
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Урыстәыла ақәгыларақәа шымҩаԥысуа, ахәаԥшцәа ишрыдыркыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит актиор Џьамбул Жорданиа.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр артистцәа Урыстәыла ақалақьқәа рҿы рықәгыларақәа мҩаԥысуеит. Асабшаҽны ргастролқәа хацдыркит Саранск ақалақь аҟны Жәларбжьаратәи афестиваль "Аитәылауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, иддырбеит аспектакль "Кьоџьаа рҭыӡшәа". Ари афестиваль иалауреатцәахеит аԥснытәи атеатр. Афестиваль убасгьы иалахәын Ҟазахсҭан, Белоруссиа, Урыстәыла, Ермантәыла ртеатрқәа.
Саранск, Тамбов ақалақьқәа рҟны рықәгыларақәа ртәы дырзааҭгыло РУСДРАМ актиор Џьамбул Жорданиа иҳәеит, ахәаԥшцәа даара ибзианы ишрыдыркыло.
"… ибзиаӡаны ҳрыдыркылеит. Даара аԥхарра зцу, агәаҳәара узҭо гастрольқәаны иҟалеит. Акритикцәа ахҳәаа арҭеит ҳақәгылара, уи даара ибзиоуп артистцәа рзы русура ахәшьара анарҭо. Уамашәа избеит Гольдони ипиеса ("Кьоџьаа рҭыӡшәа") гхада ихәмарит ҳәа анырҳәа, уи еиҳау ахәшьара ыҟамзар ҟалап"", - иҳәеит Жорданиа.
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр артистцәа жәамштәи ргастрольтә ныҟәарақәа ирылагӡаны ирҭаауеит ақалақьқәа хәба, быжь-спектакльк ихәмаруеит. РУСДРАМ артистцәа ықәгылоит "Агастроль дуқәа" апрограмма аҳәаанырцәтәи ахырхарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
РУСДРАМ Урыстәыла ақәгыларақәа хыркәшаны Аԥсныҟа ихынҳәуеит абҵара 2 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0