Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Коӷониа Шәачатәи ашьапылампылтә атурнир азы: ахәыҷқәа рызхара ихәмарны аҩны инеиуеит

Коӷониа Шәачатәи ашьапылампылтә атурнир азы: ахәыҷқәа рызхара ихәмарны аҩны инеиуеит
Анапаҵаҩра
Шәача имҩаԥысуа ашьапылампылтә турнир аҿы иалахәу Аԥснытәи акомандақәа руак, академиа Unity ааӡамҭацәа, атурнир аҿы рхы шаадырԥшуа, насгьы атәыла анҭыҵ рцара ашьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа ирнаҭо атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, академиа азыҟаҵаҩ хада Лаша Коӷониа.
"Акомандақәа рацәоуп. Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи адагьы, иара Аԥснынтәгьы иалахәу ыҟоуп. Ашьапылампыл дәқәа ҳгәаԥхоит. Ахәыҷқәа аханатә ишәон, ирзымдыруа аҭыԥаҿ иаанагеит, аха нас ианашьцыла ҳусқәа маншәалахеит. Аиааирақәа бзиа иаабоит зегьы, аха ахәыҷы есымша аиааира ихы ианҭоу, ихәмаррагьы хәыҷык аҽарцәгьоит, техникала иԥшӡаны ахәмарра залыршахом, игәы иҭоу аарԥшра илшаӡом. Атурнирқәа рҿы ашьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа рԥышәа еиздырҳауеит ирыгу рбоит, уи анаҩс арҽеира иалагоит, убри аҟнытә дара ихәарҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Коӷониа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0