Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амармалташь пты анырҵәаразы Аԥсны быжь-миллион мааҭ азоурыжьуеит

© Sputnik / Леон Адлейба Мраморный клоп
Мраморный клоп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Анапаҵаҩра
Ахықәкытә программа "2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала ишьақәырӷәӷәан 2021 шықәса жәабран 11 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аԥсахрақәа аланагалеит ахықәкытә программа "2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара".
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ишиҳәаз ала, апрограмма аҵиааӡараз аныхрақәа рыхәҭаҷ аҟынтә аԥара амармалташь пты анырҵәара иазырхоуп.
Иахьа арҭ ауснагӡатәқәа ирҿуп. МТСқәа русура уалла имҩаԥыргоит. Убри азы апрограмма аԥсахрақәа алаагалоит. Иҟаҵоу аусурақәа рактқәа анааргалак урҭ рыхә ҳшәар алшоит. Апты аӡынра иҵалоит, уаанӡа ишалшо ала инырҵәатәуп.
Беслан Джопуа  - Sputnik Аҧсны
Беслан Џьопуа
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр
Џьопуа иҳәеит ахәышәқәеи атехникеи раахәараз ацхыраара шыҟанаҵаз Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра.
Клоп коричневый мраморный щитник (Halyomorpha halys)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2021
Аԥсны
Аексперт Аԥсны амармалташь пты алаҵәара адинамика ахәшьара аиҭеит
Амармалташьтә пты Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыҟны ицәырҵит хәбаҟа шықәса раԥхьа. Ирласнгьы ареспублика иалаҵәеит. Аԥхасҭа анаҭоит аиаҵәара, ашәыр, ауҭраҭых.
2020 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵаз ацхыраарала иаашьҭын 130 миллион инеиҳаны. Арҭ аԥарақәа рыла иаахәан апестицидқәа, излархәшәтәуа аппаратқәа, атехника ҷыда, авиациа ахархәарала ахәшәқәҭәра. Ацхыраара ҟаҵан жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәгьы. Аминистрра абиуџьет аҟынтәгьы 15 миллион мааҭ ныхын.
2020 шықәсазы амармалташь пты анырҵәаразы 400 000 тонна апестицидқәа аахәан.
Федор Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2018
Арадио
Ҭарба: аптқәа рҽырымҟьарц ахәшә ес-ҩажәамш иҟаҵалатәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0