https://sputnik-abkhazia.info/20211029/asny-aministrtsa-reilazaara-asykra-aarraa-shadyreit-1036107858.html
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аԥсыӡкразы аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аԥсыӡкразы аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсыӡкра анормақәа иазыԥхьагәарҭоит абиологиатә ресурсқәа, атехника, акышьа ахкқәа. Анормақәа аус рыдуылан урыстәылатәи аҟазауаа алархәны. 29.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-29T10:33+0300
2021-10-29T10:33+0300
2021-10-29T10:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102881/53/1028815369_0:266:3169:2048_1920x0_80_0_0_431da9380f113735e13790430d04c6b3.jpg
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аԥсыӡкразы аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит.Иалагало аԥҟарақәа рыла аиурист хаҿқәеи, ахала наплакыҩцәеи аԥсыӡкра азин рымам:Иара убасгьы азин ыҟам ишьақәыргыло аԥҟарала ашәҟәы иҭагалам аӷбақәа рҟынтәи аԥсыӡкра. Абџьар ахархәара ҟалом аӡаҵаҟатәи ашәақь ҷыдақәа рыда. Иҟалом зыжәла шьақәдыргыло ахкқәа рыкра.Уи адагьы аԥҟара азин ҟанаҵом аҩныҵҟатә ӡқәа – аӡиасқәа, аӡиақәа, аӡеизакырҭақәа рҿы ааглыхратә ԥсыӡкра амҩаԥгара, аҭҵаарадырратәи аҵаратәи хықәкқәа раан ада.Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа ԥсыӡкҩык азин имоуп амшын аҿы 10 кьылак, аҩныҵҟатә ӡқәа рҿы – х-кьылак рыкра. Аӡиас Ԥсоуи иара иалало аӡқәеи, Мҷышьҭа аӡиаси рҿи амшын иахьалало аҟынтә 200 метра рҟынӡа, хәажәкыра 1 инаркны рашәара 30 аҟынӡа аԥсыӡкра ҟалом.Аԥсыӡкра абзиабаҩцәа азин рымам акаҭақәа, еиуеиԥшым акыгақәа, аспиннингқәа рхархәара аҵәгәырқәа жәаба иреиҳазар.Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, анормақәа аус рыдулан урыстәылатәи аҟазауаа алархәны.Аԥҟарақәа аус рыдызулоз дреиуоуп Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар. Иара иазгәеиҭеит ажәытә ԥҟарақәа ХХ ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы ишрыдкылаз, уи аахыс ишыԥсахмыз."Аԥҟара ҿыцқәа раамҭа ааит – ааглыхратә ԥсыӡкреи аԥсыӡкра абзиабареи рыԥҟарақәа ҳәаақәызҵо", - иҳәеит иара.Дбар иажәақәа рыла ииасыз акамшьиакра аамҭа аалыҵ акыр илаҟәын – 11 000 тонна акамшьиа."Ари угәы уҽанызҵо факторуп. Акамшьиатә ресурсқәа Амшын еиқәа аҿы акыр ишьақәҟьоуп. Ҵыԥх Азовтәи абассеин аҿынтә иааит 1,3 процент акамшьиа. Ари акырӡа имаҷуп. Ҳара аԥсыӡкра амҩаԥысшьа ахылаԥшра аиҭакрақәа азаауроуп" иҳәеит иара.
https://sputnik-abkhazia.info/20200712/Inashba-Asny-asykra-akultura-shykhtup-iamou-amal-eiaatup-1030518366.html
https://sputnik-abkhazia.info/20150203/1013748055.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102881/53/1028815369_166:0:2897:2048_1920x0_80_0_0_ba1b0f00f2b7e95b3143c6bbe332e0f6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аԥсыӡкразы аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит
10:33 29.10.2021 (ирҿыцуп: 10:35 29.10.2021) Аԥсыӡкра анормақәа иазыԥхьагәарҭоит абиологиатә ресурсқәа, атехника, акышьа ахкқәа. Анормақәа аус рыдуылан урыстәылатәи аҟазауаа алархәны.
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аԥсыӡкразы аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит.
Иалагало аԥҟарақәа рыла аиурист хаҿқәеи, ахала наплакыҩцәеи аԥсыӡкра азин рымам:
Аԥсыӡкраз аҭакԥхықәра ада,
Аԥсыӡкырҭатә ҭыԥ амазаарада.
Иара убасгьы азин ыҟам ишьақәыргыло аԥҟарала ашәҟәы иҭагалам аӷбақәа рҟынтәи аԥсыӡкра. Абџьар ахархәара ҟалом аӡаҵаҟатәи ашәақь ҷыдақәа рыда. Иҟалом зыжәла шьақәдыргыло ахкқәа рыкра.
Уи адагьы аԥҟара азин ҟанаҵом аҩныҵҟатә ӡқәа – аӡиасқәа, аӡиақәа, аӡеизакырҭақәа рҿы ааглыхратә ԥсыӡкра амҩаԥгара, аҭҵаарадырратәи аҵаратәи хықәкқәа раан ада.
Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа ԥсыӡкҩык азин имоуп амшын аҿы 10 кьылак, аҩныҵҟатә ӡқәа рҿы – х-кьылак рыкра. Аӡиас Ԥсоуи иара иалало аӡқәеи, Мҷышьҭа аӡиаси рҿи амшын иахьалало аҟынтә 200 метра рҟынӡа, хәажәкыра 1 инаркны рашәара 30 аҟынӡа аԥсыӡкра ҟалом.
Аԥсыӡкра абзиабаҩцәа азин рымам акаҭақәа, еиуеиԥшым акыгақәа, аспиннингқәа рхархәара аҵәгәырқәа жәаба иреиҳазар.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, анормақәа аус рыдулан урыстәылатәи аҟазауаа алархәны.
Сгәы иаанагоит арҭ аԥҟарақәа иахьазы амшын аҿы иҟоу аилататара аҭыԥ иқәырҵап ҳәа. Арҭ аԥҟарақәа аҭахуп аҭакԥхықәра аҟаларазы", - иҳәеит Џьопуа.
Аԥҟарақәа аус рыдызулоз дреиуоуп Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар. Иара иазгәеиҭеит ажәытә ԥҟарақәа ХХ ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы ишрыдкылаз, уи аахыс ишыԥсахмыз.
"Аԥҟара ҿыцқәа раамҭа ааит – ааглыхратә ԥсыӡкреи аԥсыӡкра абзиабареи рыԥҟарақәа ҳәаақәызҵо", - иҳәеит иара.
Дбар иажәақәа рыла ииасыз акамшьиакра аамҭа аалыҵ акыр илаҟәын – 11 000 тонна акамшьиа.
"Ари угәы уҽанызҵо факторуп. Акамшьиатә ресурсқәа Амшын еиқәа аҿы акыр ишьақәҟьоуп. Ҵыԥх Азовтәи абассеин аҿынтә иааит 1,3 процент акамшьиа. Ари акырӡа имаҷуп. Ҳара аԥсыӡкра амҩаԥысшьа ахылаԥшра аиҭакрақәа азаауроуп" иҳәеит иара.