Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахәҭак ҩаԥхьа лашарада иаанхеит афымцацәаҳәаҿы аԥхасҭа иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы авольтҳарак цәаҳәа "Шешелеҭ-1" аҿы авариақәа лассы-лассы иҟало иалагеит, изабнзар уи иаиуа ақәыӷәӷәара азычҳаӡом, убри инамаданы Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик аларгалеит.
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Шешелеҭ-1" аҿы афымцалашара авариала ицәеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Иҟалаз аԥхасҭа аԥыхразы аусзуҩцәа иаҿырхыр акәхеит астанциа маҷқәа "Тҟәарчал ГРЕС", "Цандрыԥшь-а́хага", "Холоднаиа речка" и "Гьачрыԥшь".
Аусурақәа ирылагахьеит, изларҳәо ала, ҩ-сааҭк ирылагӡаны аԥхасҭа аҭыԥ иқәырҵоит.
Афымцацәаҳәа "Шешелеҭ-1" афымцалашара нанашьҭуеит Очамчыра, Гәылрыԥшь, Аҟәа араион ахәҭак, иара убас Аҟәа ақалақь мрагыларатәи ахәҭеи агәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0