Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи акаратистцәа ахьтәы медалқәа ԥшьба ргеит

© Foto / facebook / Виталий ЧитанаваМеждународное первенство по каратэ Кёкусинкай кумитэ (KWU) "Сакура над Сожем"
Международное первенство по каратэ Кёкусинкай кумитэ (KWU) Сакура над Сожем - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи акоманда ахьӡала иқәгылон Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа рыспортсменцәа.
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Аԥснытәи акаратистцәа аԥыжәаратә ҭыԥқәа ааныркылеит карате Киокусинкаи кумитэ (KWU) азы Жәларбжьаратәи аицлабра "Сакура над Сожем" аҿы ҳәа ааицҳауеит карате Киокусинкаи азы Аԥснытәи Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан жьҭаара 28-30 рзы Белоруссиатәи ақалақь Гомель аҿы. 12 - 17 шықәса зхыҵуеи 10-11, 8-9, шықәсқәа зхыҵуеи рыбжьара.
Аицлабра иалахәын Белоруссиа, Урыстәыла, Украина, Ҟазахстан, Германиа, Аԥсны рҟынтәи 300-ҩык аспортсменцәа. Қырҭтәыла Аԥснытәи аспортсменцәа аицлабра ралахәхара иахьаҿагылаз азы, Урыстәыла акоманда иалахәны иқәгылеит.
Аԥснытәи акаратистцәа жәҩык ыҟан. Быжьҩык аԥыжәаратә ҭыԥқәа ныркылеит: Самед Бабаев (Аҟәа), Руслани Роберти Карапетианаа, Лера Џьалаӷаниаԥҳа (Агәыӡера) - актәи аҭыԥқәа.
Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ныркылеит: Анаида Мелкониан ( Агәыӡера), Илиа Анқәаб (Аҟәа), Виолетта Кондакчиан (Агәыӡера).
Карате  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Аԥсуа спортсменцәа аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит каратеномичи азы Москватәи атурнир аҿы
Аҟәатәи аспортсменцәа азыҟаиҵоит карате Киокусинкаи азы Аԥснытәи Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа. Агәыӡератәиқәа: Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, аспорт азҟаза Ҭемыр Ҷыҭанаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0