Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еиҳа еиӷьхаргьы ҟалон: амаамынқәа рааӡарҭа атуристцәа рацәаҩны раҭаара ԥырхагас иаиузеи

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский обезьяний питомник
Сухумский обезьяний питомник  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм азы аминистрра адыррақәа рыла 2021 шықәса акурорттә аамҭазы ареспублика иаҭааит миллионки бжаки атуристцәа.
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа абҵара 1 азынӡа иаҭааит 42 нызқьҩык атуристцәа. Ари ахыԥхьаӡара иҵегьы еиҳахар алшон, ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит НИИЕПИТ аекскурсиақәа рыҟәша аиҳабы Альдона Салаҟаиаԥҳа.

"Ҵыԥхи ҵыԥхцәеи ирҿырԥшны астатистика ала Аԥсны атуристтә ҭыԥқәа рҵыхәаҿы ҳгылоуп. 2019 шықәсазы 27 000-ҩык аҭааҩцәа ҳаман. Ҳәарада уажәы ҳаиӷьуп, аха иҵегь еиӷьны аус аауыр ҳалшон", - лҳәеит лара.

Убри аан иазгәалҭеит амаамынқәа рааӡарҭахь уназго амҩа аиҭашьақәыргылара шаҭаху. Иҟоуп адгьыл ахьыҳәазаз. Убри инадҳәаланы атуристтә еилахәырақәак уахь аԥсшьаҩцәа рхагалара рҭахым.
Аиҳарак арахь иаҭаауа ахәыҷқәа зцу аҭаацәарақәа ма абыргцәа роуп. Зегьы ирзымариам 300 мардуанҿаԥса ахысра.
"Имццакуа ашьшьыҳәа ихалоит. Аха урҭ маҷуп. Атуристцәа мышкала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рбар рҭахуп. Сааҭк ҭыԥк иақәдырӡыр рҭахым", - лҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Семейный отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
1,5 миллионҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит 2021 шықәсазы
Аԥхынразтәи аԥшатлакә аан амаамынқәа рааӡарҭахь уназгоз амҩа аҵла аныҳалеит.
Аекскурсиақәа мҩаԥыргоит иазыҟаҵоу аусзуҩцәа ҿарацәа. Дара хәҩык шыҟоугьы аҭааҩцәа рмаҷразы ҩыџьа-хҩык роуп иадрыԥхьало. Аҭааҩцәа азхозар жәаҩыкгьы адыԥхьалан ашықәс зегьы аус руыртә аҭагылазаашьа рыуҭар алшон.
Салаҟаиаԥҳа убри аан илҳәеит НИИЕПИТ адирекциа аусура шгәыгәҭармыжьуа, атуристцәа радыԥхьаларазы ахк ҿыцқәа шаарго. Убас сынтәа аарахь иааган алемурқәеи игрунки ҳәа изышьҭоу амаамынқәеи.
1980-тәи ашықәсқәа раан ара 11-12 маамын-хкы ыҟан, аибашьра ашьҭахь арҭ ахкқәа зегьы шеиқәдырхазгьы, хыԥхьаӡарала 6000 маамын рҟынтәи инхаз 600 роуп ҳәа лҳәоит лара.
"1993 шықәсазы амаамын ааӡарҭаҿы иҟаз 250 примат роуп. Реиҳарак чмазцәан. Астатистика ала ииуаз раасҭа иԥсуаз еиҳан. Ацентр аркра азҵаара ықәгылан аҭҵаарадырратә центрк аҳасаб ала. Аха Аԥсны усҟантәи ахада Владислав Арӡынба ацентр аҵакы еилкааны иҟазароуп ҳәа ахиҳәааит", - еиҭалҳәоит Салаҟаиаԥҳа.
Альдона Салаҟаиаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2019
Арадио
Салаҟаиаԥҳа: ҳбиуџьеҭ еиҳахар, аӡын амаамынқәа акгьы рыгым ҳҳәартә ҳҟалон
НИИЕПИТ ҭоурыхла ибеиоуп, Аԥснеиԥш анҭыҵгьы еицырдыруеит.
2022 шықәса нанҳәамзазы ацентр 95 шықәса ахыҵуеит. Салаҟаиаԥҳа дақәгәыӷуеит уаанӡа аҳәынҭқарра еиҭашьақәыргыланы асасцәа рнаԥхьара ԥхоумшьартә ишьақәдыргылап ҳәа.
Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа аартын 1927 шықәса рзы Николаи Семашко дзаԥхьагылаз аҵарауаа раԥшьгарала. Раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥган 1930-тәи ашықәсқәа раан.
50-тәи ашықәсқәа раан Амедицина-биологиатә станциаҿ абиологиеи амедицинеи рактуалтә проблемақәа аус рыдызуло раԥхьатәи акадрқәа азыҟарҵо иалагеит.
1957 шықәса рзы Астанциа Асовет Еидгыла Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут ҳәа еиҭакын. 1958 шықәса рзы аинститут дахагылеит москватәи аҵарауаҩ қәыԥш Борис Лапин.
Сухумский обезьяний питомник  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿ "анхацәа" ҿыцқәа нанагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0