Иусуратәым амшқәа рзы Шәача аресторанқәа хылаԥшра рырҭоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Анапаҵаҩра
Иусуратәым амшқәа рзы Шәача аресторанқәа рахь анеира алшоит QR-код змоу, ма акоронавирус шрыхьхьоу азы аршаҳаҭга змоу.
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Агәаҭаратә гәыԥқәа иусуратәым амшқәа рзы Шәача аресторанқәа ахылаԥшра рырҭоит. Уажәнатә иаадырԥшхьеит х-еилагарак. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ақалақь ахадара апресс-маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.
"Агәаҭаратә гәыԥқәа иусуратәым амшқәа рзы Шәача аресторанқәа ахылаԥшра рырҭоит", - ҳәа азгәаҭоуп арелиз аҿы.
Убри аан иазгәаҭоуп ареидтә гәаҭарақәа х-еилагарак шаадырԥшыз.
"Шәача ахадара аусзуҩцәа 100 наплакык рҟынӡа агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, аковидҿагыларатә ԥкрақәа ишрықәныҟәо агәаҭаразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Граффити Спасибо врачам в Краснодаре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2021
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аковидтә ԥкрақәа дырӷәӷәеит
Ҟәбина агубернатор Вениамин Кондратьев ирылеиҳәеит, жьҭаара 30 – абҵара 7 рзы Краснодартәи атәылаҿацә арлахҿыхратә усҳәарҭақәа рахь рынашьҭра ҟалоит QR-код змоу, ма акоронавирус шрыхьхьоу азы аршаҳаҭга змоу.
Уаанӡа акурорт апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан аресторанқәа русура аамҭа шыркьаҿхо: ашьыжь асааҭ 6 инаркны асааҭ 23 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0