Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит абҵара 3 рзы
13:26 02.11.2021 (ирҿыцуп: 13:29 02.11.2021)
© Sputnik Улицу Фазиля Искандера
© Sputnik
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 29 рзы иазгәаҭаз арҽеиратә усурақәа ахыган атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит асааҭ 00:00 - 20:00 рҟынӡа ахаша, абҵара 3 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара.
Аӡы ҟалаӡом Аҳабла ҿыц, Гәымсҭа, Ажәытә ҳабла, "Колос", Ешба имҩаду, авокзал, Адыгаа рымҩа, ақалақь агәҭа, ВИЕМ, иара убас аџьармыкьеи Алашарбагеи иахьрыҵанакуа.
Аҳҭнықалақь ахадараҿы ишырҳәаз ала, ауааԥсыра ӡыда иаанхоит Лакоба имҩаҿы имҩаԥыргараны аусурақәа ирыхҟьаны.