https://sputnik-abkhazia.info/20211102/argyts-iaa-iaamoup-afeikhoa-ashara--1036165168.html
Аргәыц иаҵәа: иаамҭоуп афеихоа аҭаара
Аргәыц иаҵәа: иаамҭоуп афеихоа аҭаара
Sputnik Аҧсны
Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблан амал иаҵәа аҭаара иалагеит. Sputnik ишәыднагалоит ашәымҭаказ иҟаҵоу асахьақәа. 02.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-02T18:16+0300
2021-11-02T18:16+0300
2021-11-10T19:01+0300
афотосахьақәа
иҟаҵоуп аԥсны
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/01/1036156772_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_04d84955fd08240e2f92a6081b66074d.jpg
Аԥсны зегь раасҭа афеихоа рацәаны иахьазҳауа ҭыԥуп Гәылрыԥшь араион Дранда аҳабла. 13 гектар иҟоу адгьыл ҵакыраҿ изызҳауа афеихоа 2013 шықәсазы қьырала ирыҭан. Абаҳча ашьапы адыркит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестпрограммала.Зульфиа лаҳәшьцәа Земфиреи Ирадеи рани ҩышықәса ҵуеит ари абаҳчаҟны аус руеижьҭеи. Русура амш алагоит ашьыжь асааҭ жәба рзын, амш ахәлара ирымнахаанӡа ихандеиуеит. Ҽнак ала Зульфиа лани лареи аӡәыцыԥхьаӡа 45-50 иашьык афеихоа ҿырхоит. Иашьыкк 20 кьыла ыҟоуп, иашьыкцыԥхьаӡа 120 мааҭ ахыршәаауеит.Сынтәа ацхыраара ирзааит Амири Ролани. Урҭ ашкол иахьынӡоужьу ирыӡбеит аԥара дырҳарц. Амш иалагӡаны жәаба-жәаба иашьык афеихоа ҿырхоит.Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Рафик Григориан иажәақәа рыла, сынтәа араион аҟны 200 тонна рҟынӡа аргәыц рыҟәшәап ҳәа иақәгәыӷуеит. Анцәа иџьшьаны сынтәа иҟаз амшцәгьақәа ԥырхага рынамҭаӡеит, афеихоа ахаҭабзиарагьы ҳаракуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/01/1036156772_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_cec1a03280fa641bfb771118f935d472.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото, иҟаҵоуп аԥсны
афотосахьақәа, фото, иҟаҵоуп аԥсны
Аргәыц иаҵәа: иаамҭоуп афеихоа аҭаара
18:16 02.11.2021 (ирҿыцуп: 19:01 10.11.2021) Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблан амал иаҵәа аҭаара иалагеит. Sputnik ишәыднагалоит ашәымҭаказ иҟаҵоу асахьақәа.
Аԥсны зегь раасҭа афеихоа рацәаны иахьазҳауа ҭыԥуп Гәылрыԥшь араион Дранда аҳабла. 13 гектар иҟоу адгьыл ҵакыраҿ изызҳауа афеихоа 2013 шықәсазы қьырала ирыҭан. Абаҳча ашьапы адыркит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестпрограммала.
Зульфиа лаҳәшьцәа Земфиреи Ирадеи рани ҩышықәса ҵуеит ари абаҳчаҟны аус руеижьҭеи. Русура амш алагоит ашьыжь асааҭ жәба рзын, амш ахәлара ирымнахаанӡа ихандеиуеит. Ҽнак ала Зульфиа лани лареи аӡәыцыԥхьаӡа 45-50 иашьык афеихоа ҿырхоит. Иашьыкк 20 кьыла ыҟоуп, иашьыкцыԥхьаӡа 120 мааҭ ахыршәаауеит.
Сынтәа ацхыраара ирзааит Амири Ролани. Урҭ ашкол иахьынӡоужьу ирыӡбеит аԥара дырҳарц. Амш иалагӡаны жәаба-жәаба иашьык афеихоа ҿырхоит.
Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Рафик Григориан иажәақәа рыла, сынтәа араион аҟны 200 тонна рҟынӡа аргәыц рыҟәшәап ҳәа иақәгәыӷуеит. Анцәа иџьшьаны сынтәа иҟаз амшцәгьақәа ԥырхага рынамҭаӡеит, афеихоа ахаҭабзиарагьы ҳаракуп.

Аԥсны афеихоа аҟәшәара иалагеит. Иара зегь раасҭа ирацәаны иахьазҳауа ҭыԥуп Гәылрыԥшь араион Дранда аҳабла.

Аҭаацәа афеихоҟәшәара ирыцхраауеит ахәыҷқәагьы. Урҭ рхатәы ԥара дырҳауеит.

Абжьааԥаны афеихоа анырҟәшәо жьҭаарамза агәаны ауп.

Амш иалагӡаны аӡәы 20 кьыла зкуа аиашьыкқәа 20 ҿихуеит.

Афеихоа аҟәшәара амандарина еиԥш ицәгьаӡам. Изҿоу аҵлақәа рацәак иҳаракӡам.

Сынтәа араион аҟны 200 тонна рҟынӡа аргәыц рыҟәшәап ҳәа иақәгәыӷуеит.

Аусуцәа рымш алагоит ашьыжь асааҭ жәба рзын, амш ахәлара ирымнахаанӡа ихандеиуеит.

Ахәыҷқәа рҭаацәа ирыҵамхарц иаҿуп аусура. Амш иалагӡаны жәаба-жәаба иашьык афеихоа ҿырхоит.

Аргәыц иаҵәа - Аԥсны иалган ирҭиуа аалыҵқәа ирхадоуп. Ҵыԥхтәи ашықәс азы Урыстәылаҟа ииаган 907 тонна афеихоа.

Аԥсны афеихоа иалхны иҟарҵоит ашәырӡи ашәыркалмышьи.