Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа аветеранцәа рҿагыларатә акциа иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Акция протеста на площади у драмтеатра
Акция протеста на площади у драмтеатра - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
Убри аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьахь инеит шәҩыла идгылаҩцәа.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа, адраматә театр аҿаԥхьа аветеранцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи рҿагыларатә акциа иалагеит.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит ауаажәларратә усзуҩ Еидҵоу аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Ахра Бжьаниа.
"Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәахьеизаз. Ижәдыруеит аамҭа заҟа иуадаҩу, ачымазара шаҳхыҵәо. Сшәыҳәоит мыцхәы шәааигәаны шәеидымгаларц, асабрадақәа шәҿашәҵарц. Ари акциа атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыԥкра иаҿагылоит. Ауаажәларра рыхәҭак ара игылоуп, егьи рыхәҭа ҳнаҩс игылоуп. Ҳара иахьа Аԥсны уаҵәтәи амш ҳазхәыцуеит. Еиҭахгьы иҭабуп ҳҳәоит шәусқәа ааныжьны шәахьааз", - ҳәа иҳәеит иара.
Аибашьра аветеран Валери Маан иажәақәа рыла иахьа иҟоу зыхҟьаз атәыла ахада аҭагылазаашьа иахәҭаз ахәшьара ахьеимҭаз ауп.
Амитинг аҿы дықәгылеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба. Иара акциа ҭынчратә акциоуп ҳәа иҳәеит.
"Ҳара аҭынчратә акциа мҩаԥаагоит. Иҟоуп атәылауаа ахада иполитика иадымгыло. Аӡәгьы цәгьарак игәы иҭам. Избан атәыла ахада аимак аҭыԥ изықәимҵаз? Избанзар алхраԥхьатәи иажәақәа акгьы неимыгӡацт, уаанӡатәи анапхгара акритика ззырзыҟаиҵоз иаргьы игәыгәҭажьны имоуп", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ахра Бжания
Ахра Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Ахра Бжания
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгара ӡбан Аӡҩыбжьа ақыҭауааи аветеранцәа Рхеилак ахаҭарнакцәеи реиԥылараан. Аиҿкааҩцәа дҵаны иқәдыргылоит цәыббра 30 ашьҭахь Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц.
Дбар инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын ахҭыс аҭҵаара мҩаԥысуанаҵы. Апрокурор хада Адгур Агрба Дбар иганахь ала ацәгьоура ыҟамызт ҳәа иҳәамҭа ашьҭахь атәыла ахада уи имаҵзура дазирхынҳәит.
Дмитрий Дбар приступил сегодня к исполнению  своих служебных обязанностей - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп
Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьахь инеит идгылаҩцәа. Аҭҵаарадырреи аҟазареи рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит, иҳәеит атәылаҿ аимакқәа зегьы ҭынчымҩала рҭыԥ ишықәҵалатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0