Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы COVID-19 злаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© SputnikИнфекционная больница
Инфекционная больница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 32258-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 27068-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 468-ҩык.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 462-а Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 136-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 1971 шықәса рзы ииз ҩыџьа аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 88-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 41-ы, ибжьаратәуп - 25-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 37-ҩык, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ааҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 104-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0