Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауаажәларратә палата аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан аиҭакрақәа алагалара аԥшьыргоит

© flickr.com / sarahhyde5Беременная женщина.
Беременная женщина. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахшараиура акыр илаҟәит. 2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа 1000-ҩык ахәыҷқәа иит. Аекспертцәа ишырҳәо ала 2016 шықәсазы ирыдыркылаз азакәан "Аԥҳәыс лҽырбгара азин аҟамҵаразы" хра амоуит.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны ауаажәларратә палата алахәылацәа ргәы иҭоуп Жәлар реизарашҟа ажәалагала нарышьҭарц 2016 шықәсазы ирыдыркылаз азакәан "Аԥҳәыс лҽырбгара азин аҟамҵаразы" аԥсахрақәа алагалазарц. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Лиудмила Лолуаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, иааит аамҭа ани ахшареи ргәабзиара аиҿкааразы азакәан аԥсахрақәа алагалазарц.
"Уаанӡагьы ари азҵаара даара иазхәыцны иазнеитәын, аха уажәы аамҭа ааит ари аҭагылазаашьа аиҭакразы. Азакәан лҵшәак амоуит. Азакәан адемографиа еиҭанакит ҳәа смаҳацт", - ҳәа лҳәоит Лолуаԥҳа.
Аԥсны ахшараиура акыр илаҟәит. 2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа 1000-ҩык ахәыҷқәа иит. Аекспертцәа ишырҳәо ала 2016 шықәсазы ирыдыркылаз азакәан "Аԥҳәыс лҽырбгара азин аҟамҵаразы", - хра амоуит.
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ацшьаҭаркҩы Кама Гоԥиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит ахшараиура ԥкрыла акәымкәа дгыларыла ишазнеитәу.
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Аԥсны
Аԥсны ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп уажәтәи аамҭа 2020 шықәса иаҿурԥшуазар
"Аира иацларц шәҭахызар аҽа уснагӡатәқәак ҟаҵалатәуп. Раԥхьа иргыланы аҭаацәа ирыцхраатәуп. Амедицина инаркны анхарҭақәа рыҭара аҟынӡа. Ахшара дызҭаху ахшара диоуеит. Дзоуырц зҭахым – дроуам. Уи амҩа азырыԥшаауеит. Азакәангьы иннакылаӡом. Шәача ицоит, Қарҭҟа ицоит. Уа аԥҳәыс дыԥдыргоит. Сара схаҭа уи саҿагылоит, аха аира еиҳахарц ҳҭахызар аҽакала иазнеитәуп ари азҵаара", - ҳәа лҳәоит лара.
Аԥҳәыс лҽырбгаразы ариашарақәа зцыз "Агәабзиарахьчаразы" азакәан Апарламент аҟны ирыдкылан ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәса рзы. Аԥҳәыс аҽырбгара азин лызымҭо азакәан ариашарақәа атәыла ахада инапы рыҵеиҩит 2016 шықәсазы.
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Аԥсны
Аԥсны Аԥгаԥсатә фонд шәарақәак ирыцнаҵар алшоит
Ауаажәларра рҿы азакәан еиԥшны ирыдрымкылеит. Изныкымкәа аиҭакрақәа аҭахуп ҳәа иалацәажәан. 2018 шықәсазы Апарламент VI ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит азакәан хықәкны иамаз адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра акәын, аха адепутатцәа ари аӡбра иахыццакит ҳәа. Аимак-аиҿак шыҟоугьы адепутатцәа ари азҵаара макьана иазыхнымҳәыцт.
Ажәабжьқәа зегьы
0