Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Ана Агрба амузыкатә шоу "Голос" аҿы дықәгылеит

CC0 / / Микрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Ана Агрба Актәи аканал аҿы ицо амузыкатә шоу "Голос" аҟны дықәгылеит.
Аԥхьажәаҿы Ана еиҭалҳәеит, хышықәса анылхыҵуаз аӡы дӡаазхыз ҳамҭас ишлиҭаз Монсеррат Кабальеи Фреди Меркиурии рконцертқәа зныз анҵамҭа. Уи нахыс сартистхоит ҳәа лыӡбеит ҳәа азгәалҭеит.
"Ашәақәа сыҩларц сҭахуп, урҭ џьоукы рыԥсҭазаара аԥсахларц, еиӷьны иҟанаҵарц", - лҳәеит лара.
Аконкурс аҟны иналыгӡеит Анжелика Варум лашәа "День опять погас", лара лышҟа дааҳәит Леонид Агутин, уи икоманда далазаауеит.
Адырраҭара амҩаԥгаҩ Дмитри Нагиев иҳәеит, аӡбаҩцәа лара лахь имааҳәызҭгьы, ихала асцена дшықәлоз "аԥхамшьақәа" ҳәа ҿыҭуа.
"Уамашәа быԥшӡоуп, асценаҟны еиҳагьы бышәҭышхоит. Иалыбхыз амҩа уадаҩуп, аха шьаҿак ԥхьаҟа аҟаҵара былшеит. Даара сгәы иахәоит ара бахьыҟоу", - иҳәеит иара.
Ашәаҳәаҩ лажәақәа рыла, ашоу асезон ҿыц аҟны ирыдыркылеит 136-ҩык. Алахәылацәа аҳәаанырцәтәии аурыс ашәақәеи жәаба алхны асиа нарышьҭыр акәын, ақәгыларазы иалырхуан ашәак. Ана лзы иалырхит урыс бызшәала иҟаз ашәа.

"Аурыс бызшәа иамоуп ахатәы ҷыдарақәа, ари абызшәала ашәаҳәара еиҳа иуадаҩуп англыз ма афранцыз бызшәақәа рыла аасҭа. Еиҳагьы иуадаҩын "Ахьтәы сабрада" занашьаз артист иашьҭахь асценахь сахьцәырҵуаз, иара ишҟа аӡәгьы дмааҳәӡеит. Уи азы саргьы сшәон, зеиԥш ҟамло егьыҟам ҳәа схәыцуан", - лҳәеит лара.

Ана лажәақәа рыла, адырраҭара аҭыхрақәа мҩаԥысуеит 12 сааҭ, ақәгыларақәа дубльк ала иҭырхуеит, гхак ухьыргьы, аиҭаҭыхра ҟалом.
Авокалтә телехәаԥшратә шоу "Голос" аефир ахь иҭыҵуеит 2012 шықәса раахыс, иагьыԥхьаӡоуп иреиӷьу амузыкатә шоу ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0