Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қәҭелиаԥҳаи Лакәатааԥҳаи онлаин-адиктант иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қәҭелиаԥҳаи Лакәатааԥҳаи онлаин - адиктант иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра еиҿнакааз аонлаин-диктант шымҩаԥысыз, уи алахәцәа ирнаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Аҵара аминистрра ахаҭарнак Кристина Қәҭелиаԥҳаи адиктант зҩыз Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Милана Лакәатааԥҳаи.
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра имҩаԥнагеит аԥсуа бызшәазы ахԥатәи аонлаин-диктант афбатәи-абыжьбатәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы. Уи иаҳа иреиӷьны изҩыз аҵаҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьара мҩаԥысит Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаарту Аԥсны аҭоурыхтә-милаҭтә парк "Аԥсны" аҟны.
500-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа злахәыз аонлаин-диктант аҿы 77–ҩык алкаан.
"…Адиктантқәа зегьы иҭыхны аҵара аминистррахь ианаарышьҭ, ҳәарада, агәаҭартә комиссиахь инеит. Уи алахәылацәа хықәкыс ирымаз ианыз атекст мацара акәын. Уи зҩыз, дахьатәиу ахәыҷы ҳәа гәарҭомызт, мамзаргьы аорфографиа гхақәа мацара алыркаауамызт. Ахәыҷы шаҟа еиҿкааны, иԥшӡаны иҩыз, иара имацара инапала иалеигалаз игхоуп ҳәа ззиԥхьаӡаз ариашарақәа. Агәаҭаратә комиссиа иааидкыланы ахәыҷы иҩымҭазы ахәшьара ықәнаргыломызт. Ахәшьарақәа ашколқәа рҟны имҩаԥырго агәаҭарақәа раан ирзықәдыргылоит, иара убас аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рҟны. Ҳара иалҳкааз аминистрраҟны иаҳа еиӷьны изҩыз ахәыҷқәа роуп, ари ԥышәараӡамызт", - лҳәеит Қәҭелиаԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0