Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш инамаданы уи аиҳабы Ирина Агрԥҳаи аусзуҩцәеи дрыдныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит 1978 шықәса абҵарамза 6 - ҳажәлар рҭоурых аҿы акрызҵазкуа арыцхә шакәу.

Абри амш аҽны имҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи аефир. Ари ахҭыс аиаша иазықәԥоз Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылеит. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа русураҟны иаадырԥшыз агәымшәареи ахачҳареи ирыбзоураны, иахьа иҳамоуп ишьаарҵәыраз урҭ ахҭысқәа рыхроника, адунеитә уаажәларра иадырит ақырҭуа националистцәа ргыгшәыгра атәы зҳәо аҵабырг.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Атәыла ахада ишазгәеиҭо ала, ателехәаԥшреи арадиои рыҟны аусура иаҭахуп арҿиаратә знеишьа, ахамеигӡара.
"Иахьа, аинтернет ахархәара аамҭазы, ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи ирыдгалатәуп аинтерес зҵоу адырраҭарақәа. Гәахәароуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аефиртә аамҭа ахьарҭбаауа, аҿыцрақәа ахьаланагало", - иҳәеит ахада.
Аԥсуа телерадиоеилахәыра аколлектив аҟны апрофессионалцәа ирывагыланы аус руеит ателехәаԥшреи арадиои ԥсҭазаарас измоу аҿар. Ари аԥышәа аихаҳара, аҿиара, ԥхьаҟа ацара иазҳәоуп ҳәа инаҵишьит атәыла ахада.
Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив ирзеиӷьеишьеит арҿиаратә гәазыҳәареи аихьӡарақәеи.
Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡа аефир ахь ицәырҵит абҵара 6, 1978 шықәсазы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2018
Аҭоурых амҩала: Аԥсуа телехәаԥшра 40 шықәса
1978 шықәса абҵара 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра актәи аефир мҩаԥысит. Ателеекранқәа рҿы ицәырҵит Аҟәа асахьа. Абри амш инаркны Аԥсуа телерадиоеилахәыра аҿиарамҩа иануп.
Ажәабжьқәа зегьы
0