Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩ-дунеик рыбжьара: аԥсуаа нарцәы ишазыҟоу

© Fotolia / LassedesignenВремя рассыпается в руке человека
Время рассыпается в руке человека - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа нарцәытәи адунеи ишазыҟоу, ажәақәа "атәарҭа", "агыларҭа" иаанаго, аӡәы даныԥслак "џьанаҭ гыларҭас иуоуааит" зхырҳәаауа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Нарцәы
Аԥсуаа рфольклор аҿы иуԥылоит хыԥхьаӡара рацәала нарцәытәи аԥсҭазаара аазырԥшуа аҿаԥыцтә жәабжьқәа. Урҭ ирныԥшуеит нарцәы ҳәа иҟоу закәу, изеиԥшроу, џьанаҭи џьаҳаными инанаго зықәшәо, аԥсы иадҳәалоу ахҭысқәа. Ауаҩы иԥсҭазаараҿы ихы шымҩаԥиго иалҵшәоуп уи анарцә даннеиуа дзықәшәо "атәарҭа", "агыларҭа". Аӡәы даныԥслак, "џьанаҭ гыларҭас иуоуааит" рҳәоит.
Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2019
Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы
Анҵамҭақәа ишаҳдырбо ала, џьанаҭ ҳәа изышьҭоу дәы ԥшӡараны, иҟьаҟьараны иҟоуп, шәҭы-какаҷла ихҟьоуп, уа иақәшәо џьанаҭ чысла ичоит – уи иԥсыз иҭаацәа шеишықәсеи изыҟарҵо аишәаргыларақәа роуп.
Џьаҳаным акәзар, асахьа ҭырхуеит амцеиԥш ишу ӡеибафара дуӡӡаны илеиуа акы акәны. Згәы разым ауаҩы иԥсы ацҳа ианықәсуа, уи аӡеибафара далаҳауеит.
Арҭ ажәабжьқәа рҿы иаарылукаартә иҟоуп ауаҩы данцәалахо, мамзаргьы аамҭалатәи иԥсра, ма ԥхыӡла нарцәы ицан иаара.
Аԥсуа бызшәа ибзианы ианыԥшуеит аԥсуаа нарцәытәи адунеи ишазыҟоу. Иаҳҳәап, ауаҩы даныԥслак "идунеи иԥсахит" рҳәоит, уи алагьы ауаҩы "имҩа" шнымҵәац, дунеик аҟынтәи даҽа дунеик ахь дшыиасыз аадырԥшуеит. Мамзаргьы ирҳәоит "инарцәымҩа дықәлеит".
Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2019
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы
Нарцәы ицан иааз
Ажәабжьҳәаҩцәа нарцәы ицан иааз иӡбахә анеиҭарҳәо, уи ргәылак, ма рыуа-рҭынхак ихьыз акы акәны ауп ишырҳәо. Абжьааԥны ус иҟоу "хаха-хымш имааԥшӡакәа дыцәан", ма "мчыбжьык ус дықәын" ҳәа еиҭарҳәоит. Убри аангьы "ишьа илԥхаауа дыҟан" рҳәоит, иԥсы анҭоу еиԥш. Аха уи аамҭа иалагӡаны ауаҩы иԥсы нарцәы ицан иаауеит. Иааҳгап ҿырԥштәык:
"Нарцәы ицан иааз Шьардын ҳәа Шәырдлаак дыҟан. Убри дычмазаҩхеит. <…> Дыԥсит. Дырҵәыуеит, дырхьит. Ари шьоук ааин, данышьҭаз "уаалеишь, џьара уаагоит" рҳәан, дрыманы ицеит. <…> Ацҳаҵәры днырганы дыргеит. <…> Ҩнык аҿы иҩеит. Уа илатәеит. Афатә-ажәтә хиоуп, ажәлар акәшаны итәоуп. Шьоук амаҵ руеит. Крыф рҳәеит. Акрыфара иҭахым. <…> Изумфозеи ҳәа дыркит. <…> Абра ӡӷабцәақәак гылоуп, амаҵ руеит: – Уара абри даашәымган ҳәа шәаҳҳәан, дзаажәгази, <…> дахьаажәгаз дыжәга! – рҳәеит. <…> Дхынҳәны данааи, ила анаахит, иааилагьежьт, ари иԥсы ҭаланы данаарба", – ҳәа еиҭеиҳәоит ажәабжьҳәаҩ (ацыԥҵәаха аагоуп Зураб Џьапуа еиқәиршәаз "Аԥсуаа рфольклор. Артур Аншба ианҵамҭақәа" рҟынтәи. 1995 ш.).
Пчёлы на сотах - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2019
Анарцәԥхыӡ, мамзаргьы илабҿабахаз анашана
Даҽа џьоукых еиҭарҳәоит нарцәы ианцоз ижжаӡа ацәашьеиԥш акы аркны амҩа днарбон ҳәа иахьцоз. Ацҳа аҵыхә аҿы (ма агәҭаны) ианнеилак, аӡәы даацәырҵуан (иԥсхьоу иуак), "уара арахь макьана иуҭыԥым" ҳәа наиаҳәаны, иӷәӷәаны дигәҭасуеит, ма аҟама илаиҵазшәа ибоит, убасҟан дагьааԥшуеит, иԥсы ҭалоит.
Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа иҟалаҵәҟьаз акы акәны еиҭарҳәоит иахьагьы, уи агәра зго реиԥш, агәра зымгогьы шыҟоугьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0