"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

© Анна Сангәлиаԥҳа лграфикатә усумҭаАнна Сангулия
Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ашацәа изыршаз ала дымҩасит", "изыԥҵәоу аамҭа", "игәахәтәы дахьымӡеит" - абас рҳәоит аԥсуаа ауаҩы илахьынҵазы. Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа дазааҭгылоит аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы ауахҭа ишазыҟоу.

Марина Барцыцԥҳа, Sputnik

Ауаҩы ибызшәала ауп шамахамзар ишиоуа ижәлар зқьышықәсалатәи рԥышәа, рдыррақәа, рҟазшьа, ркультура. Аԥсуагьы идунеидкылашьа амаӡақәа, раԥхьаӡа иргыланы, иԥшаатәуп ибызшәаҿы, ижәытәӡатәиу имифқәа, илакәқәа, иажәаԥҟакәа, иажәабжьқәа, идин аҟны. Убри аан уи иҭоурых мҩаҿы, егьа ҳҳәаргьы имацара адунеи данымызт, анырра ирҭон иааигәа иҟаз, ихьысуаз егьырҭ амилаҭқәа ркультурақәа, рбызшәақәа, рдинқәагьы.

Улахь иану

"Алахь-ы-нҵа" ажәа ахаҭа ишҳанаҳәо ала, ауаҩы изыԥшу, дызхысраны иҟоу илахь иануп, иҩуп, уимоу, аԥсуа лакәқәа рҿы ахыбаҩ алахь иануп ҳәа ирыԥхьаӡоит. (Убас ауп ишыҟоу Кавказ жәларқәа рӷьырак, насгьы атиурк бызшәақәа уб.иҵ. рҟны.). Ажәлар ишырҳәо ала: досу илахь иану дақәшәоит, идунеи аниԥсахуа аҽынгьы "илахь ианыз ала, Ашацәа изыршаз ала дымҩасит" рҳәоит. Зразҟы, зыԥсҭазаара цәгьаз изы ирҳәон: "алахьеиқәаҵәа", "алахьыцәгьа", "алахьышьашә" - илахь ианыхын, илахь ҷышәшәын ҳәа, мамзаргьы зынӡа акгьы анӡамызт ҳәа "алахьынҵада" рҳәон.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

Ҳбызшәаҿы убасгьы алахьынҵа аазырԥшуа ажәақәоуп: аԥеиԥш, аразҟы, анасыԥ (араб.), аџьал (араб.), ауахҭа, ақәнага, ахәҭа, ақәашь. Ақәашьда, ахәаша(бга) рхы иадырхәоит ацәгьара, аразҟы амамзааразы.

Ажәакала, аԥсуаа рдин-мифологиатә дунеихәаԥшышьала, ауаҩы иразҟы мгәарҭа иҭигаӡом, данилак ашьҭахь ицыршоит. Ажәаԥҟа ишаҳәо ала, "ауаҩы даниуа акгьы зҭаӡам аҵәцаш даҩызоуп". Уи Ҳазшаз иразҟгьы илахьынҵагьы ицишоит даниз ауха, ма хаха, хымчыбжь, шықәсык ашьҭахь уб. иҵ. Амифологиа шьаҭа змоу алакәқәа рҿы Ашацәа-чапацәа иԥырны иааины, ахыб ма ахаԥра инықәтәан, аӡбара иалагоит ииз иԥеиԥш: дзыниараны дыҟоу, ихатәы насыԥ, иԥсышьа-иаџьал (иаҿшәырԥш хҩык аеҳәшьцәа Μοῖραι ажәытә бырзен мифологиаҿ).

Аразҟи, анасыԥи, аԥсреи роуп ихадараны, ицыршаны ауаҩы илахь иану. Дарбаанзаалакь ауаҩы Дызшаз (Ҳаиҳа зымчу, Анцәа) иҟынтә имоуп досу иара илахьынҵа, ихатәы насыԥ. Баша ԥҳәысаагараны/хаҵацараны акәымкәа, ихатәы "разҟы далалеит"(!), "иразҟы, инасыԥ имԥыхьашәеит", ҩыџьа "рразҟқәа еиларҵеит" ҳәа ауп ишырҳәо.

Аԥсҭазаараҿы ихадоу ҳәа иԥхьаӡоу - аразҟы, анасыԥ ауаҩы далхәдаазаргьы ҟалоит, зынӡа илахь ианырымҵазар. Абри иԥшра-исахьа ак игымкәа, ишьҭра, иҟазшьа, иааӡашьа, ихшыҩ, иуаҩышьа, ихымҩаԥгашьа бзиаӡаны, арахь илахь акгьы шԥанымыз рҳәогьы иҟалалоит. Анасыԥ ауаҩы ибзиарала иҟам. Убри аганахьала ауаҩы илахьынҵа қәнамгарыла ианизныҟәо ыҟоуп. Насгьы алахьынҵа иузымԥсахуа усуп ҳәа иԥхьаӡоуп (фатализм). "Ианым уара иузанҵом!" - рҳәоит аԥсуаа. "Анасыԥ ухала, мчыла иузаагом", аха аҽышәара аҭахуп, угәы уҽанызароуп, ухиазароуп, иуаҩумыжьроуп "иануԥыхьашәо".

Ашацәа-чаԥацәа

Егьа ус иҟазаргьы, ажәакала иуҳәозар "Ашацәа иузыршаз ԥсахра амаӡам, узацәцом". (Иаҳгәалаҳаршәап, ажәлар рҿы есымша еиҭарҳәало, зынасыԥ рымшацкәа иҟаз аӷьыч Ашацәа изырыӡбаз дышзацәымцаз атәы). Ауаҩы иԥсҭаазаартә хәҭаагьы (жизненная доля) ицыршоит даниуа. Ашацәа-чаԥацәа ауаҩы даниуа, ихатәы разҟи иаџьали рыдагьы, изыршоит иара ихәҭаагьы. Ажәа "ачаԥара" акәым, иара "ашара"-гьы аҟаҵара, иҟамкәа ҿыц ииз аҵанакуа иҟоуп (создать, творить) - "адунеи зшаз", "сызшаз" , мамзаргьы "дихылҵт" ацымхәрас "дихшеит" анырҳәо. Аха уи адагьы, аԥхьагьы игыламзар, ашьҭахь игылам егьи аҵакы - ашара, аиҩшара (деление).

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара

Урҭ Ашацәа идуу акы аҟынтә ахәҭақәа ауаа рыбжьара иршоит: "Абри анасыԥ-хәы, заҳҭо…", мамзаргьы, уимоу аԥсышьаҵәҟьагьы аџьал "аџьал-хәы" ҳәа ауп ишырҳәо. Ауаҩԥсы адунеи дықәнаҵы, ажәҩан аҿы иеҵәа кыдуп – уи "иеҵәа-хә" ауп (урысшәала иуҳәозар - "его доля звезды", д.и. судьбы). Ирацәаны абызшәақәа рҿы алахьынҵеи ахәҭеи (судьба и доля) еицуп, еихылҿиаауеит. Иаҳҳәап, убас аԥсуаа ҳҿы шәиира бааԥсын "умца-хә ыцәааит" рҳәар ("да погаснет твоя доля огня"), уи иаҵанакуаз ишьҭамҭа ыҟамкәа даныӡааит акәын. Изхаҳҳәаауа, убри амцагьы иара ихәҭаа алан. Уимоу, иаӡәку Анцәа изгьы сара сы-нцәа-хәы ("моя доля Бога"), уара у-нцәа-хәы рҳәон. Уи шәышықәса раԥхьа аԥсуаа рҿы иазгәарҭахьан аҵаруаа дуқәа Н. Марри Н. Џьанашьиеи, аԥсабара ма уи аҭыԥқәа роума, жәлала–ҭаацәала аума, хазы уаҩума, Ҳазшаз ихәҭаа рыманы ианырԥхьаӡоз.

Ажәакала, аԥсуаа рыԥсҭазаара-философиатә дунеиқәыԥшылара ала - ауаҩы ихәҭаа ицыршоит. Ибзианы изцыршаз, уи ихазгьы иааигәа иҟоу рызгьы "дымшуп", дманшәалахоит, дбарақьаҭуп. Аха ус акәымкәа, изцырымшаз "дмыждоуп", иааԥсарагьы иԥылом. Уи азоуп "мыжда дырҳаҩуп, мыш дчаҩуп" зырҳәо". Гәыӷрас иҟоу усҟан - иҭаацәа рҿы мшык дрылашәар, уи ила дҭыҵуеит. Уи ауп аҭаца дахьаарго "дымшхааит!" зырҳәо, аҭацагаара ашәагьы "аҭацамшы", радеда "ма(о)фа" ажәақәа залоу. Мамзаргьы аҭаацәа реиҳабы идунеи аниԥсахуа, "имшра шәзынхааит" (имал зегьы нархыӡаа ицаргьы ҟалон), насгьы "дахьазнеизгьы дазымшхааит" зырҳәо. 

"Изыԥҵәоу аамҭа"

Ауаҩы ихәҭаа (доля жизненных благ), иара иԥсҭазаара аҿҳәара иадҳәалоуп – "изыԥҵәоу аамҭа". Ауаҩықәра ҳәа иԥхьаӡаз 100 шықәса иҵегь днарҭысны, нас неихыркәа имамкәа иажәны зыдунеи зыԥсахыз ауаҩы изы "иқәра ифахьан" ҳәа зизырҳәоз – уи данииуаз изыԥҵәаз иаамҭеи уи иалаз ихәҭеи ифахьан ҳәа акәын иаҵанакуаз. Убри ауп, ихлымӡаахны, ирыцҳара дуӡӡан зегьы изрыдыркылоз иаҳҳәап, иҷкәыназ – иҿаз (агәлымҵәах ҳәа зырҳәоз) иԥсра, иҭахара. Уи дықәрахьымӡан, џьалда дҭахазар ауан, изшаз иаамҭа аҟынӡа дзымнеит, уи аԥсҭазаара аамҭа иалазгьы даламҭхаџьит, игәахәтәгьы дахьымӡеит. Уи дшырџьабоз хазын, ус иҟаз изоуп изырҳәоз "макьана иижәша аӡыхь ахы ыҵнамхӡацызт" ҳәа.

Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Абас ала, узшаз ухәҭагьы ишоит ҳәа ирыԥхьаӡон апсуаа. Зықәра дууз уи даҽаӡәы итәы хифааӡом, ихәгьы ус идуны ишоуп, зышықәс кьаҿу, иқәра шмаҷу еиԥш ихәгьы ус имаҷны изшоуп.

Убри азоуп, аԥсуаа изыҟарымҵоз аԥсаҭатәқәа зцыз аԥсхәра дуқәа ихәыҷыз, исабииз - хышықәса, хәышықәсанӡа, иҟалалон быжьбагьы зхымҵыз рзы. Иахьагьы, шықәсык ихыҵаанӡа иҿахрагьы хазы ианырҵаӡом. Ҳинформантцәа изларҳәо ала, "Ашацәа роуп дызшаз, урҭ дыргеит. Иара ихәҭа уа Ҳазшаз иҟны иҟоуп. Ихәыҷны, исабины ииуа рхәы уа иҟоуп, иушар ҟалаӡом, избанзар иара ихәы чанахк азна ауп иҟоу. Ашьтәақәа ушьыр ҟалаӡом, нас убарҭ илыхьԥшу абалго, асаби рыцҳа?! Лыжә ҟаауа азхаз игылоуп, луаса ҟаауа азхаз игылоуп, лчыс еидараха инаганы илырҭеит, лцәымза каххаа... Дшәаҟьаны ахәыҷы лҩызцәа днарылҵны днеины днагылоит. Ҳара ҳахьгәаҟуа амцхәқәа иҟаҳҵо зегьы ҳа иаҳзеицәоуп…"

Абыста  - Sputnik Аҧсны
Шәыла-бысҭала: Амшаԥы ааира аҽазыҟаҵара иазку аишәаргылара

Абас, иааидкылан иуҳәозар, аԥсуаа рдунеидкылашьаҿ ауаҩы ари иԥсҭазаара азы ихәҭаа даниуа ицыршоит, аха даныԥслак, идунеи аниԥсахуа иԥсхәы (иԥсы ахәы) арахьынтә иоуроуп, уи зуша, иқә-иҵас назыгӡаша, изуалу иҭынхаз роуп. Убри ашьҭахь ауп дара ргәы андырҭынчуаз: ихәҭа, иқәнага ҟаҳҵеит ҳәа.

Аԥсуаа рмагиатә практикаҿ иуԥылоит "Аицира" ҳәа аныҳәагатә. Избанзар, изларыԥхьаӡоз ала, аӡҟы даниуаз даҽа сабик, уимоу ласбоума, цгәума, ҳәынаԥума, маҭума, ааигәа абас акы ицизар ҟалон, нас "дхәымҵәы-хәымзха", ачымазара дакны, дзаифны, иазҳара иаԥырхагахон. Ас аицира иаҵанакуаз убри акәын, уи арахь иԥсҭазаарахь ицыршаз ихәҭаа, имч абас ициз иацеиҩишар акәхон, нас дрыхьчаразы иара иазкыз асаби иныҳәарақәа мҩаԥыргон.

Ажьамкреи ашьапныҳәеи: ахәыҷы игәабзиара иазку ақьабзқәа

Ажәакала, ауаҩԥсы иира, иразҟы алалара, иԥсра - ихадоу ҳәаақәоуп иԥсҭазаарамҩаҿы. Уи хзыркәшоз аԥсра акәын. Ауаҩы иԥсышьа – иаџьал умбакәа илахьынҵа убарҭамызт, ахы-аҵыхәа узҳәомызт.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0