Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-афольклорҭҵааҩ Шоҭа Салаҟаиа

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааШота Салакая
Шота Салакая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Анапаҵаҩра
Академик, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵуан.
АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Амҽыша абҵара 7 рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа ҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
"Сааҭқәак раԥхьа иԥа иҟынтә иҳаҳаит ажәабжь бааԥсы", - иҳәеит Ашәба.
Шоҭа Салаҟаиа диит ԥхынгәы 18 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Иқыҭа гәакьаҿы аа-классктәи ашколи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә ҵараиурҭеи (аԥсуа сектор) данрылга, 1952 шықәса рзы А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет (аурыс сектор) дҭалеит.
Аҭҵаарадыррахь имаз аинтерес, илаз алшарақәа, аҟыбаҩ ҷыда иаразнак зегьы еицгәарҭеит. Ибзиаӡоу аҵараҵаразы, активтә уаажәларратә, арҿиаратә усуразы иара изыԥҵәан Ленин ипремиа. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ареспубликатә газеҭқәеи ажурналқәеи рҿы.
1956 шықәса рзы Салаҟаиа дҭалеит Ш. Руставели ихьӡ зхыз Ақырҭуа литература аҭоурых аинститут "афольклористика" азанааҭ ала. Иара ирҵаҩы, еицырдыруа афилолог Елена Баграт-иԥҳа Вирсалаӡе Аԥснынтәи иааз аҵарауаҩ қәыԥш иреиӷьӡоу лҵаҩцәа дышреиуоу лҳәахьан.
Презентация книги Эволюция эпической традиции. Шота Салакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит
1965 шықәсазы Шоҭа Салаҟаиа ихьчеит акандидаттә диссертациа "Основные виды абхазского героического и исторического эпоса" атемала, 1999 шықәса рзы Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М. Горьки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҿы адоктортә диссертациа ихьчеит.
1959 шықәса инаркны Шоҭа Салаҟаиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы - Аԥсуаҭҵааратә институт - аред.) аҿы аус иуан.
Шоҭа Салаҟаиа имҽхаикыз аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рацәан - афольклор, алитература аҭоурых, алитературатә критика, иҭиҵаауаз зегьы Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа рҭынха иаҿирԥшуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0