Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҽаҩра аныҳәа Лыхнашҭа сынтәа иҟалаӡом апандемиа иахырҟьаны

© Sputnik / Илона ХварцкияПраздник урожая на поляне Лыхнашта
Праздник урожая на поляне Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҽаҩра аныҳәа есышықәса ҭагалан Лыхнашҭа имҩаԥыргоз сынтәа ҩышықәсоуп иҟоу аҿкчымазара иахырҟьаны имҩаԥырымгоижьҭеи.
АҞӘА, абҵара 8– Sputnik, Бадри Есиава. Сынтәа аҭоурых ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны имҩаԥыргом. Абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара аиҿкаара-инструктортә усура аҟәша аиҳабы Ҭемыр Шамба.

"Атәыла ахада идҵа инақәыршәаны ҵыԥх аиԥш сынтәагьы рымҩаԥгара азин ыҟам ауаа рацәа злахәу акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Убри азы сынтәагьы аныҳәа мҩаԥгахом", - ҳәа иҳәеит иара.

Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит. Ари амш аҽны аҽыбӷаҟазаҩцәа еиндаҭлоит рҟазараҿы, ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбльқәа рхатә программала иқәгылоит. Афатә акәзар, асасцәа рыла ишабо иҟарҵоит. Асеиԥш иҟоу аныҳәа ажәытәра иагахьоу аҵасқәа, ақьабызқәа, ахәмаррақәа, акәашарақәа, ашәақәа аҿыц ԥсҭазаара рнаҭоит.
Лыхнашҭа имҩаԥган аҽаҩраҭагалара аныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2018
Ҭагалан абеиара: аҽаҩра аныҳәа Лыхнашҭа
Лыхны –Аԥсны иреиҳаӡоу ақыҭақәа иреиуоуп. Араҟа ираҳҭынран аԥсуа аҳцәа, диит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба, араҟа анышә дамадоуп Кавказ аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа.
Лыхнашҭа – аҭоурыхтә ҵакы змоу ҭыԥуп, ажәлар рлахьынҵа ахьырыӡбо, аизара дуқәа ахьымҩаԥысуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0