Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 480-ҩык рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 32780-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 27688 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 480-ҩык.
АҞӘА, абҵара 9- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 626-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 171-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 75 шықәсеи, 63 шықәсеи, 83 шықәсеи зхыҵуаз хҩык аҳәса, иара убас 82 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 73-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 12-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 109-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0